Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашықәс ҿыцызтәи аҳамҭа: Москвантәи Аԥсныҟа иаагахоит арҵагатә шәҟәқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукИнал Габлия
Инал Габлия - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2021
Анапаҵаҩра
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Мосвантәи Аԥсныҟа ишдәықәҵоу арҵагатә шәҟәқәа актәи ахәҭа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп. Урыстәылатәи аиҳабыра рыцхыраарала Аԥсныҟа идәықәҵоуп 1-7 аклассқәа рзы арҵагатә шәҟәқәа.
Аминистр игәаанагарала, ари акыр зҵазкуа ҳамҭоуп Ашықәс ҿыц азы иара убас, аҵарадырра аусхк аҟны ицхыраагӡа дууп.
"Ашықәс ҿыц азы ари даара иҳамҭа дууп ахәыҷқәеи аҭаацәеи арҵаҩцәеи рзын. Иҭабуп ҳәа расҳәоит Урыстәыла аҵареи аекономикатә ҿиареи рминистррақәеи, афонд "Урыстәыла адунеии", шықәсы рацәа аахыс ҳҿаԥхьа изҵаара хаданы иқәгылаз аӡбара ахьалдыршаз. Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылоит ари еиԥш хәызмаӡам ацхыраара", - ҳәа иҳәеит Габлиа.
Аминистр иҳәеит, Мосвантәи Аԥсныҟа ишдәықәҵоу арҵагатә шәҟәқәа актәи ахәҭа. Аҩбатәи ахәҭа 8-11 аклассқәа рзы арҵага шәҟәқәа Аԥсныҟа иаагахоит иааиуа ашықәс жәабранмзазы.
Инал Габлиа иҭабуп ҳәа реиҳәоит арҵага шәҟәқәа Аԥсныҟа аагарҿы ацхыраара ҟазҵаз Аԥсны аиҳабыра, афинансқәеи аекономикеи рминистррақәа, иара убас афонд "Амшра".
Аминистр иазгәеиҭеит, Аԥснытәи арҵаҩцәа рзын аметодикатә семинарқәа рымҩаԥгара шазгәатоу урыстәылатәи аҟазацәа алархәны.
Ажәабжьқәа зегьы
0