Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәартаа Гал араион Ашықәс ҿыц шазгәаҭахо иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кортаа Гал араион Ашықәс ҿыц шазгәаҭахо иазкны
Анапаҵаҩра
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Кәартаа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион аҿы Ашықәс ҿыц аныҳәа рышҽазыҟарҵо, ақалақь шдырхио атәы.
"Аԥсаӡ хада ҳаргылахьеит. Уи архиаразы амаҭәахә ҿыцқәа аахәаны иаагахьеит. Иара уи адагьы ақалақь агәҭа ҳарԥшӡарц ҳҭахуп. Ашықәс ҿыц аныҳәа шааигәахо азы агәалаҟазаара рзаԥаҳҵар ҳҭахуп Гал иааҭаауеи уи иаланхуеи рзы. Очамчыраа даара ҳрыҵашьыцит, уамакала ибзианы иҟарҵеит, ҳаргьы убыс иҳамазар ҳҭахуп. Уи ааҟара хзыҟамҵаргьы, ҳаарывагылартә еиԥш ҳхы наҳгар ҳҭахуп. Ҳаԥсаӡ аԥсы ҭоушәа иҳарԥшӡар ҳҭахуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәартаа.
Аусмҩаԥгатәқәа зегьы адәахьоуп иахьыҟало, аҩнуҵҟа аӡәгьы дыҩналаӡом, ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рҿы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәагьы мап рыцәкуп, ҳәа адырра ҟаиҵеит Кәартаа. Очамчыреи Тҟәарчали ачымазаразы аҭагылазаашьа шәарҭоуп, убри аҟнытә ҳхы ҳахьчароуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0