Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ашәԥҳа аџьынџьыхәа арҩаразы: бзиа ибаны иҟасҵоит, уи ауп асҟаамҭа сзаҿугьы

Ашәԥҳа аџьынџьыхәа арҩаразы: бзиа ибаны иҟасҵоит, уи ауп асҟаамҭа сзаҿугьы
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыцынӡа ессабша-мҽыша акультуратә ҭыԥ Гәыма аҟны имҩаԥысуеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ рцәыргақәҵа. Заалыҵ аҳәынҭқарра ахада ихәҳаз, анаплакҩы Мадина Ашәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аџьынџьыхәа арҩара дшалагаз атәы, насгьы лус арҭбаара шлыгәҭаку.
"Сара снапала иҟасҵоит зегьы, шьҭа 27 шықәса раҟара ҵуеит саҿуижьҭеи. Исыцхраауеит сҭаацәа мацара. Изҭаху адырра сырҭоит, нас ирзыҟасҵоит, еиуеиԥшым аделегациақәа атәым ҳәынҭқаррахь ианцо аҿаҵа ансырҭогьы ҟалалоит. Уахык 500 -1000 раҟара сҷаҷуеит, сымацара, снапы ашьцылоуп, иара бзиа ибаны иҟасҵоит, уи ауп асҟаамҭа сзаҿугьы. Исызгылоуп арҩагақәа урҭ сԥа исзыҟаиҵеит, инҭакнасҳар уахыкала иҩоит. Иҟоуп ԥсуаҵас алҩақә афҩы ахны изҭахугьы, урҭ рзгьы иҟаҳҵоит, ақалмышь иҭшьны иаразнак аԥацхаҿы икнасҳауеит. Сус аизырҳара сҭахуп, сымч ақәхоит даҽы ҩыџьа-хҩык насываргылан, аха макьаназ ус еиԥш аҭагылазаашьа сымам", - еиҭалҳәеит Ашәԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0