Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР аилазаара аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара еиҿыркаауеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Обстановка у здания администрации Президента
Обстановка у здания администрации Президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik. Ззин ыҟам амитинг амҩаԥагараан ауаажәларратә леишәа аилымгара хылаԥшра арҭоит азинхьчаратә усбарҭақәа русузуҩцәа. Абри атәы иҳәеит аиҳабыратә хыбрақәа рҟны иҷаԥшьо аилазаара анапхгаҩы Лоу Инал-иԥа.
Инал-иԥа иажәақәа рыла, амҩа-патрультә маҵзура агәаҭаратә ҭыԥқәа рҿы амилициа аусзуҩцәа шыҷаԥшьо амҩатә ныҟәара ашәарҭадара аиҿкааразы.
"Ауснагӡатә азырхоуп административтә зинеилагарақәа ралмыршарази, ауаа рацәа алархәны аилаҩеиласрақәа ҟамларци", - иҳәоит Инал-иԥа.
Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысуеит аоппозициаатә мчрақәа рмитинг. Убри аан Аԥсны ахада идгылаҩцәа Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит.
Обстановка у здания администрации Президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2021
Аԥсны
Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит
Аҩаша шьыжьаахыс аиҳабыратә хыбрақәа рыкәша-мыкәша аихатә гәарақәа рыла ихкаауп, амшын аԥшаҳәа аганала- автобусқәа ргылоуп.
Ԥхынҷкәын 20 рзы Аслан Бжьаниа атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит амитинг алахәра рҽацәхьаркырц азы.
Бжьаниа иазгәеиҭоит атәыла анапхгара аауадаҩрақәа шыҟоу мап шацәырымкуа, аха уи иахҟьаны атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа арблаҟьара ииашам.
Митинг у здания Государственного драматического театра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2021
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысуеит аоппозициатә мчрақәа рмитинг
Аԥсны АА рминистр Вальтер Быҭәбеи Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Роберт Киути ааԥхьарақәа ҟарҵеит амитинг алахәхара мап ацәыркырц. Ирҳәеит азинхьчаратә усбарҭақәа азакәан иаҿагыло аусқәа зегьы шаԥдырҟәҟәаауа.
Аҵыхәтәантәи аҿагыларатә акциақәа Аҟәа имҩаԥган абҵара 4 рзы. Амитинг хә-сааҭк иназыныԥшуа ицон. Ахыркәшымҭаз атәыла ахада инапынҵқәа шьҭаиҵарц азы ақәҵара рыдыркылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0