Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа: урыстәылатәи арратә госпиталь ҩымз рышьҭахь ихынҳәуеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Сворачивание военного госпиталя в Сухуме
Сворачивание военного госпиталя в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи амобилтә ковид-госпиталь ԥшьымзтәи аусура ашьҭахь ԥхынҷкәын 16 рзы Аԥснынтәи ицеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21- Sputnik. Аԥсны иҟаз урыстәылатәи арратә госпиталь ҩымз рышьҭахь ихынҳәуеит, абри атәы иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра иқәгылараҟны.
Бжьаниа иҳәеит ковид макьаназ аҳәынҭқарра иазымыӡбац проблемоуп ҳәа. Иара иазгәеиҭеит абри аус аҿы Аԥсны ишацхраауа Урыстәыла.
"Изныкымкәа урыстәылантә аҳақьымцәа рыбригадақәа аахьеит, ҩынтәны ара аус ауан арратә госпиталь. Агоспиталь ҩымз рышьҭахь еиҭахгьы иаараны аилацәажәаар ыҟоуп", - иҳәеит иара.
Ахада иазгәеиҭеит шықәсыки бжаки рыҩныҵҟа аҿкычымазара аҿагыларазы аҳәынҭқарра 800 миллион мааҭ шыннаххьо.
"Амилаҭ ргәабзиара иазырхоуп арҭ ахарџьқәа. Аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, 500-ҩык инареиҳаны рыԥсҭазаара ишалҵхьоугьы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ирыҿҳарԥшуазар аҭагылазаашьа цәгьам. Ари аусура ԥхьаҟагьы иацҵахалоит. Ҳҳақьымцәа рхы рыԥсы иамеигӡо аус руеит. Аха ҳуааԥсыра рыхәҭак урҭ рџьабаа пату рзақәым, ачарақәа, аԥсхәрақәа, аныҳәақәа мҩаԥыргоит ауаа рацәа рылархәны", - иҳәеит иара.
Инспекционная поездка Аслана Бжания в Ткуарчал - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2021
Аԥсны
Тҟәарчал араион акарантин аҿҳәара иацырҵоит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, аусура хнаркәшеит ԥхынҷкәын 16 рзы.
Амобилтә госпиталь Аԥсны аҟазаара иалагӡаны иаднакылеит ҩ-нызқь рҟынӡа ауааԥсыра, ирхәшәтәит 649-ҩык.
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь 150-ҩык ачымазҩцәа аднакылартә алшара аман. Рнапынҵақәа нарыгӡон шәҩык рҟынӡа арратә медусзуҩцәа. Дара еиқәыршәан иаҭахны иҟаз амаругақәа зегь рыла.
Ажәабжьқәа зегьы
0