Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит COVID-19 злаз пациентк

© Sputnik / Варвара Гертье / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКапельницы
Капельницы - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 37 147-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 29 549 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 551-ҩык.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 511-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 109-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 70 шықәса зхыҵуаз ахаҵа.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 97-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 32-ҩык, ибжьаратәуп - 65-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 24-ҩык, урҭ рахьтә жәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 14-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 16-ҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0