Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аоперштаб: даҽа 80-ҩык акоронавирус рыдбалоуп

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение пациентов с Covid-19 в Тамбовской областной больнице
Лечение пациентов с Covid-19 в Тамбовской областной больнице - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 37 315-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 29608-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 551-ҩык.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 379-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 80-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 88-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 26-ҩык, ибжьаратәуп - 62-ы. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 18-ҩык, урҭ рахьтә жәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 17-ҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0