Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Апарламент АКХ алахәылацәа ааҩык алнахит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә комиссиа хада азинмчра аанкылахоит ԥхынҷкәын 23 азы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23- Sputnik. Аԥсны Апарламент Аԥсны Алхратә комиссиа хада алахәылацәа ааҩык алнахит ԥхынҷкәын 22 азтәи аилатәараҿы.
Адепутатцәа ирыдыркылеит ақәҵара, уи инақәыршәаны АКХ аилазаарахь иалхуп:
Смыр Омар Сергеи-иԥа
Кәарацхьелиа Наталиа Константин-иԥҳа
Шамба Лаша Леуан-иԥа
Кәарҷиа Инна Нури-иԥҳа
Гериа Роман Шьоҭа-иԥа
Бранӡиа Алиас Лаврент-иԥа
Кәакәасқьыр Виачеслав Евгени-иԥа
Ашәба Асҭамыр Нугзар-иԥа.
Аслан Бжьаниа иусԥҟа инақәыршәаны Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12, 2022 шықәсазы.
Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 53, ахәҭа 15, "Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа-Апарламент ахь алхрақәа" азакәан 7 ахәҭа инарықәыршәаны. Аԥсны АКХ еиҿыркаауеит "Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа-Апарламент ахь алхрақәа" инақәыршәаны алхрақәа ррыцхә анрыларҳәа ашьҭахь бжьымш рышьҭахь.
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2021
Аԥсны
Аԥсны АКХ хәышықәсатәи аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит
Алхратә комиссиа хада аппарат аҿы аус руеит 15-ҩык. Ааҩык алахәылацәа Апарламент иалнахуеит, быжьҩык атәыла ахада иеиҭоит.
Аԥсны АКХ ахантәаҩи уи ихаҭыԥуаҩи аулафахәы рзыршәоит, уи аҟнытә дара арҵаратә, аҭҵаарадырратә, арҿиаратә усура ада аҽакы рнапы аларкыр ҟалом.
Ажәабжьқәа зегьы
0