Донбасстәи аимак Урыстәыла иахароуп ҳәа ирҳәо ҳақәшаҳаҭым иҳәеит Путин

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКПП "Станица Луганская" в Донбассе
КПП Станица Луганская в Донбассе - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Донбасстәи аимак Урыстәыла иахароуп ҳәа ирҳәо ҳақәшаҳаҭым иҳәеит Владимир Путин.
Обмен военнопленными между ДНР, ЛНР и Украиной в Донецкой области - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Путин Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы: аҭагылазаашьа еиҭазкуа ҳәа иҟоу роуп
Урыстәыла бжьаҟазаҩуп, абри атәы иҳәеит иара есышықәсатәи ипресс-конференциаҿы.
"Ҳара ари аус аҿы ҳабжьаҟазаҩцәоуп. Ари аҵакыраҿ инхо ауаа уаҵәтәи рынхараз аҭагылазаашьа аиӷьтәра ҳашьҭоуп. Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рылагьы Урыстәыла ибжьаҟазоу тәылоуп. Арахь ҳара аҿагылара ҟазҵо ганны ҳрыԥхьаӡарц иаҿуп. Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рҿы усеиԥш арбам. Ҳаргьы ҳақәшаҳаҭым", - иҳәеит Путин.
Украина Москва аус ацызуыр зҭаху амчрақәа еснагь рацәажәара ҳазахиоуп ҳәа азгәеиҭеит Путин.

"Москва аус ацызуыр зҭаху, агәыларатә еизыҟазаашьа аԥызҵар зҭаху амчрақәа еснагь рацәажәара ҳазхиоуп. Аха арҭ амчрақәа рганахь ала асанкциақәа, ақәымчрақәа, ауаҩшьрақәа мҩаԥыргоит. Арҭ аусқәа аӡәгьы иагьҭиҵаауам", - иҳәеит Путин.

Донбасс аҭагылазаашьа макьана иӡбамкәан иаанхоит. Аинышәараз аиқәшаҳаҭра шыҟоугьы ахысбыжьқәа гоит. ДЖәР аҿы ирҳәоит артиллериа хьанҭала ишрылахысуа. Москва изныкымкәаа ҳәамҭа ҟанаҵахьеит Киев аиқәшаҳаҭарқәа еиланагоит ҳәа.
Убри аан, Урыстәыла агәҭынчымра азцәырнагоит НАТО атәылақәа рырратә техника урыстәылатәи аҳәаақәа иахьрыдырхало. Мраҭашәара атәылақәа Украина арратә цхыраара арҭоит, Донбасс ахархәара змоу абџьаргьы налаҵаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0