Захарова Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа рзын: Урыстәыла аҭагылазаашьа иацклаԥшуеит

© Foto / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТретий Евразийский женский форум
Третий Евразийский женский форум - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Урыстәыла хшыҩзышьҭрыла Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа ирыцклыԥшуеит, аҩнуҵҟатәи аусқәа аҽаламгалакәан лҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳара Аԥсны аҩнуҵаҟа имҩаԥысуа аполитикатә ҭагылазаашьа ҳацклаԥшуеит. Ишаҳбо ала, ԥхынҷкәын 21 рзы имҩаԥысуаз ахҭысқәа ашьшьыҳәа аиқәтәара иаҿуп", - лҳәеит Захарова абрифинг аҿы.
Адипломат илҳәеит, Урыстәылеи Аԥсни аҳәынҭқаррақәа рыбжьара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аизыҟазаашьақәа шьақәныргылоит.
"Зҽызымԥсахуа ԥҟароуп азинеиҟарра, ҳаҭыреиқәҵара, ахьыԥшымра, иара убас атәыла аҩнуҵҟа имҩаԥысуа ахҭысқәа аҽаламгалара", - лҳәеит лара.
Аҩ-тәылак реизыҟазаашьа атәылахьчареи, аҭышәынтәалареи, аҳәаахьчареи рызҵаарақәа рҟны, Урыстәыла "уақәгәыӷыртә еиԥш аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьчоит, ишыжәдыруа еиԥш, ари ҳтәылақәа зызҿлымҳау акоуп", - лҳәеит Захарова.
Прокуратура Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысыз амитинг аиҿкаареи аилаҩеиласрақәа рылахәреи рзы ашьаус хацыркуп
Аоппозициа ахаҭарнакцәа рмитинг иалагеит Аҟәа ԥхынҷкәын 21 ашьыбжьон. Аҿагыларатә акциа алахәылацәа аҳәынҭқарра анапхарахь "русура еиҿкаам" ҳәа ахырҳәааит, аҿкчымазара ауааԥсыра рҽацәыхьчареи, аенергетикатә кризис алҵреи рылымшеит ҳәа ахара рыдырҵон. Амитинг алахәылацәа рыхәҭак рҽазыршәеит мчыла Жәлар реизара ахыбрахь анеира, азинхьчаратә усбарҭақәа уи алдмыршеит.
Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит Аҟәа имҩаԥысыз амитинг аиҿкаареи, аилаҩеиласрақәа рылахәреи, амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала амч ахархәареи, аҳәынҭқарратә мазара ааха аҭареи рзы аоппозициатә мчрақәа рганахь ала.
Ажәабжьқәа зегьы
0