https://sputnik-abkhazia.info/20211225/amshyneiafymtsamch-ieikny-ikhysuaz-iganakhala-abama-rydyrkyleit-1036915761.html
"Амшынеиқәафымцамч" иеиқәкны ихысуаз иганахьала аӡбамҭа рыдыркылеит
"Амшынеиқәафымцамч" иеиқәкны ихысуаз иганахьала аӡбамҭа рыдыркылеит
Sputnik Аҧсны
Алхас Хәарцкьиа харас идырҵоит Аҟәа ақалақь аҿы игылоу "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аҿаԥхьа дхысит ҳәа. 25.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-25T17:55+0300
2021-12-25T17:55+0300
2021-12-25T17:57+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/10/1031116772_0:0:2001:1125_1920x0_80_0_0_03ac37e3e182a7c0ce7097c624f580e2.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ихысуаз Алхас Хәарцкьиа аҩнытә рбаандаҩра иқәырҵеит. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.Хәарцкьиа харас идырҵоит Аҟәа ақалақь Гәымсҭатәи амҩаҿы игылоу "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра иақәкны аантәы дхысит, иара убас амилициаа данааныркылоз даҽа бжьынтәы дхысит ҳәа. Ари ахҭыс ҟалеит абҵара 25 ахәылбыҽха. Иара амилициа аусзуҩцәа аҭыԥ аҿы ибџьар имхны дааныркылеит.Хәарцкьа иганахьала ашьаус хацдыркит абҵара 26 рзы, абҵара 29 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҩнытә рбаандаҩра иқәнаҵеит. Ԥхынҷкәын 7 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшаарала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа аԥыхын, аиҭахәаԥшразы ҩаԥхьа уахь инашьҭын даҽа еилазаарак иахәаԥшырц.Аӡбамҭа ҩаԥхьа иара аҩнытә рбаандаҩра иқәнаҵеит.Ари аӡбамҭа иахашааар ҟалоит хаха-хымш ирылагӡаны ианрыдыркылаз ашьҭахь.
https://sputnik-abkhazia.info/20211130/amshyneiafymtsamch-akhybra-iaekhsuaz-alkhas-khartskia-iganakh-ala-ayraaga-alkhup-1036534342.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/10/1031116772_8:0:1785:1333_1920x0_80_0_0_2db776ca67b69d6f6242e6227da810e5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
"Амшынеиқәафымцамч" иеиқәкны ихысуаз иганахьала аӡбамҭа рыдыркылеит
17:55 25.12.2021 (ирҿыцуп: 17:57 25.12.2021) Алхас Хәарцкьиа харас идырҵоит Аҟәа ақалақь аҿы игылоу "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аҿаԥхьа дхысит ҳәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ихысуаз Алхас Хәарцкьиа аҩнытә рбаандаҩра иқәырҵеит. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа
асаит.
Хәарцкьиа харас идырҵоит Аҟәа ақалақь Гәымсҭатәи амҩаҿы игылоу "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра иақәкны аантәы дхысит, иара убас амилициаа данааныркылоз даҽа бжьынтәы дхысит ҳәа. Ари ахҭыс ҟалеит абҵара 25 ахәылбыҽха. Иара амилициа аусзуҩцәа аҭыԥ аҿы ибџьар имхны дааныркылеит.
Хәарцкьа иганахьала ашьаус хацдыркит абҵара 26 рзы, абҵара 29 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҩнытә рбаандаҩра иқәнаҵеит. Ԥхынҷкәын 7 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшаарала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа аԥыхын, аиҭахәаԥшразы ҩаԥхьа уахь инашьҭын даҽа еилазаарак иахәаԥшырц.
Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аилатәара мҩаԥысит. Аҟәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша иаанкылара иазыҳәон, Аҳәынҭқарратә харадҵаҩ иакәзар - аҩнытә рбаандаҩра.
Аӡбамҭа ҩаԥхьа иара аҩнытә рбаандаҩра иқәнаҵеит.
Ари аӡбамҭа иахашааар ҟалоит хаха-хымш ирылагӡаны ианрыдыркылаз ашьҭахь.