Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи аснаиперцәа аицлабразы Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

© Foto / пресс-служба Южного военного округаРоссийские снайперы ЮВО в Абхазии
Российские снайперы ЮВО в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2021
Анапаҵаҩра
Аицлабра "Аснаиперцәа рҳәаа" аҟны иаиааиз иреиӷьу аснаиперцәа аҩбатәи аетап иалахәхоит Аладатәи арратә округ 49-тәи азеиԥш архәҭа иреиӷьу ахысыҩцәа рыбжьара имҩаԥгахо аицлабраҿы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аладатәи арратә округ 49-тәи азеиԥш архәҭа аснаиперцәа Ставропольтәи атәылаҿацә, Ҟарачы-Черқьесиа, Аԥсны аҽазыҟаҵара иалагеит Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа 2022 иаҵанакуа аицлабра "Аснаиперцәа рҳәаа" алахәхаразы. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аԥснытәи ахысрадәы Нагвалоу аҿы урыстәылатәи аруаа "ахысра хьшәашәа" захьӡу иуадаҩу адҵа нарыгӡеит - 100 метрак иҟоу анаӡараҿы Драгунов ишәақь ала ацәҟьара маҷ иақәыршәаны ихысуан. Уи адагьы имҩаԥыргеит 500 метра иҟоу анаӡараҿы игылаз ауаҩы игәышԥы иаҟароу ацәҟьаранӡа ахысрақәа.

Иара убас аруаа даҽа 30 хысра хкы нарыгӡеит, уахынлатәи аамҭазгьы убрахь иналаҵаны, 100 - 800 метра иҟоу анаӡараҟынӡа ихысуа.
Аицлабра "Аснаиперцәа рҳәаа" аҟны иаиааиз иреиӷьу аснаиперцәааҩбатәи аетап иалахәхоит Аладатәи арратә округ 49-тәи азеиԥш архәҭа иреиӷьу ахысыҩцәа рыбжьара Ставропольтәи атәылаҿацә ахысрадәы Николо-Александров аҿы имҩаԥгахо аицлабраҿы.
Урыстәылатәи асапиорцәа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра шыдрыцқьо - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2021
Быжь-гектарк рҟынӡа: Урыстәылатәи асапиорцәа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра шыдрыцқьо
Ажәабжьқәа зегьы
0