Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ганрацәала аҟазара злоу: асахьаҭыхҩы Ремзи Аиба изкны

© Foto / Саида ЖибаРемзи Аиба аҟазарҭаҿы
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхра, апоезиа, амузыка, аспорт уҳәа еиқәуԥхьаӡо уалагар, ирацәаӡоуп иқәҿиуа ганрацәала аҟазара злоу, 25 шықәса зхыҵуа Ремзи Аиба. Арԥыс ибаҩхатәра ахыҵхырҭа иазкуп анаҩстәи анҵамҭа.
Ремзи Аиба изҳаит аҭаацәара ду аҟны. Дара ԥшьҩык ахшара ыҟан, ҩыџьа аишьцәеи ҩыџьа аиаҳәшьцәеи. Ахәыҷқәа рааӡареи ршьапы рықәыргылареи аб заҵәык иакәын издыз. Аха уи иаанагаӡомызт аҩнаҭа аԥҳәыс лнапы агын ҳәа. Аӡӷабцәа Армазиеи Мрамзеи афатә ҟарҵо иалагахьан ишыхәыҷӡаз. Ремзи ишигәалашәо ала, аԥечкаҟынӡа инаӡарц азы иаҳәшьцәа аҟәардә иқәгыланы абысҭа руан.
Аҭаацәара раб Зосҳан асахьаҭыхра дазҟазан. Иара илаз аҟыбаҩ ҷыда иԥацәа рахьгьы ииасит. Наҟ-наҟ уи занааҭс иалихит Ремзи, Ахрагьы иқәҿион, аха иҽазиимкӡеит.
"Сара ашкол сҭамлаӡацызт саб асахьаҭыхра ансирҵоз. Иара инапала иҭыхны исиҭоз еиԥшны схала иҭысхаанӡа дысҟәаҵӡомызт. Мызла садтәаланы схы ԥысшәон. Ус саиршьцылеит", - игәалашәоит аԥа.
© Foto / Саида ЖибаРемзи Аиба иусумҭа
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Ремзи Аиба иусумҭа
Ремзи аԥшьбатәи акласс аҿы дантәаз ажәеинраалақәа рыҩра далагеит. Аҷкәын иусумҭақәа изныкымкәа ахәыҷтәы журнал "Амцабз" ианылахьан, иара убас Ҭырқәтәыла ҳџьынџьуаа рзы иҭыҵуаз агазеҭ адаҟьақәа рҿгьы. Апоезиа дазҿлымҳан Ремзи иашьа Ахрагьы, аха арԥыс ишәымҭа дҭагылаанӡа машәырла иԥсҭазаара ҿахҵәеит. Аираа рҭаацәара агәаҟра еиҳагьы еиднакылеит, ргәы ҿарҳәеит.
Ремзи Калдахәаратәи ашкол-интернат даналга ашьҭахь дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аҟазаратә факультет.
"Раԥхьанатә сара афизика-математикатә факультет ахь ашәҟәқәа аласҵеит. Аԥышәарақәа зегьы анасҭа ашьҭахь еилыскааит асахьаҭыхра еиҳа ишысзааигәоу. Ус ари азанааҭ сыԥсҭазаара иадҳәалахеит", - иҳәоит арԥыс.
© Foto / Саида ЖибаРемзи Аиба иусумҭа
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Ремзи Аиба иусумҭа
Ремзи ауниверситет аҟны алекциақәа рышьҭахь даангыланы, хәлаанӡа ихы аус адиулон. Анаҩс иҩызцәагьы аанхо иалагеит. Ашьыжь иааргоз рыфатә инацҳаны ҩаԥхьа аҽазыҟаҵарақәа ирылагон. Ремзи ибаҩхатәра ҷыда гәазҭаз, усҟантәи аамҭазы алекциақәа рымҩаԥгара адагьы Аҟәа Ахәыҷтәы ҟазаратә центр аиҳабыс иамаз Рамин Ратиа арԥыс ааԥхьара ииҭоит иара иҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигаларц, иара убас аусурагьы дидикылоит.
© Foto / Саида ЖибаРемзи Аиба аҟазарҭаҿы
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы
"Аҩны схы аус адызулартә еиԥш аҭагылазаашьеи алшареи сымамызт, убри аҟнытә хәлаанӡа ауниверситет аҭыӡқәа рҿы сыҟан. Сырҵаҩы Рамин Ратиа срыцҳашьаны дызхагылаз Ахәыҷтәы ҟазаратә центр ахь сигеит, уаҟа хәыда-ԥсада сԥышәа еизсырҳарц. Аҩбатәи акурс ахь ҳаниас, усура сидикылеит. Иахьа уажәраанӡагьы мчыбжьык ҩынтә ахәыҷқәа азыҟасҵоит, 50-ҩык аҵаҩцәа сымоуп", - иажәа иациҵоит асахьаҭыхҩы.
© Foto / Саида ЖибаРемзи Аиба аҟазарҭаҿы
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы - Sputnik Аҧсны
1/2
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы
© Foto / Саида ЖибаРемзи Аиба аҟазарҭаҿы
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы - Sputnik Аҧсны
2/2
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы
1/2
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы
2/2
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы
Ремзи Аиба Аҟәатәи Ахәыҷтәы ҟазаратә центр инаваргыланы аус иуоит Гагратәи аҟазаратә школ аҿгьы. Араҟа иара 60-ҩык аҵаҩцәа аҿыханҵатә ҟазареи аҿыханҵатә ҩычаратә ҟазареи рзымҩаԥигоит. Асахьаҭыхцәа ҿарацәа агуаши аӡшәыгеи рнапаҟны иааганы рхы ԥыршәоит, еиҳа професионалла иазнеиуа ианалагалак, акрили ахәшеи рахь ииасуеит. Иара убас аҩычаратә ҟазараҿы агипс, апластилин, амҿы, асаркьа, анышәаԥшь, аиха, асаркьа уҳәа рхы иархәаны амаҭәар ссирқәа аԥырҵоит.
© Foto / Саида ЖибаРемзи Аиба иусумҭа
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Ремзи Аиба иусумҭа
"Ҳара ҳҵаҩцәа классла еихаҳшоит. Раԥхьанатә азыҟаҵаратә гәыԥ ахь иҳадаҳкылоит, изықәҿиауа актәи акласс аҿы иҳартәоит. Афбатәи - уи аушьҭымҭатә класс ауп. Сара дсымоуп аҟазаратә школ аҿы зҵара хзыркәшхьоу, аха абжьаратә школ далгаанӡа аныҟәара зҭаххаз аҵаҩы. Уи Дамеи Сымсым иоуп. Ҳаԥхьаҟа аҷкәын сахьаҭыхыҩк иаҳасабала дааҳалагылап ҳәа агәыӷрагьы сымоуп. Убас рыӡбахә сҳәар сҭахуп Гагратәи сааӡамҭацәа Варвара Евстрафиди Лиана Кериани. Аӡӷабцәагьы урылаҽхәаратәы рхы аадырԥшуеит", - ҳәа азгәеиҭоит арҵаҩы.
© Foto / Саида ЖибаРемзи Аиба аҟазарҭаҿы
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы
Ремзи Аиба инапы иҵыҵхьоу тематикала ибеиоу исахьақәа уажәшьҭа зқьы иреиҳауп. Иажәеинраалақәа хышә рҟынӡа инаӡоит. Арԥыс ихы рылаирхәуеит Аԥсны асахьаҭыхцәа рцәыргақәҵақәа, арт-фестивальқәа. "Аԥхьарца" захьӡу иажәеинраала азы аконкурс аҿы актәи аҭыԥ ианашьахьеит. Ихьанҭоу атлетиказы изныкымкәа ареспубликатә еицлабрақәа рҟны актәи аҭыԥ игахьеит. Жәашықәса раахыс Гәдоуҭа акультура аҩнаҟны еиҿкаау афольклортә инструменталтә ансамбль "Ахьышьҭра" аҟны ахкы наигӡоит. Ремзи иажәақәа рыла, асахьаҭыхыҩ ганрацәала адыррақәа дрызҿлымҳазароуп. Алитература, аҭоурых, афизика, ахимиа уҳәа амаҭәарқәагьы иус хазырҭәаауа роуп.
© Foto / Саида ЖибаРемзи Аиба асценаҿы
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Ремзи Аиба асценаҿы
"Иаҳҳәап, асахьаҭыхыҩ ҭоурыхтә фырхаҵак дааирԥшуазар, уи иҟазшьа зегьы аныԥшырц азы хымԥада изку алитература даԥхьахьазароуп. Аӡәы зҵаарак ииҭаргьы, ииашаны аҭак ҟаиҵароуп", - инаҵишьит иара.
© Foto / Саида ЖибаРемзи Аиба иусумҭа
Ремзи Аиба аҟазарҭаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Ремзи Аиба иусумҭа
Ремзи иаб Зосҳан Аиба иакәзар, исахьақәа иахьазы акагьы еиқәханы инымхеит. Амцакра иахырҟьаны аҩны ааха анаиу иалаблит.
"Раԥхьатәи сырҵаҩы саб иакәын. Иара иусумҭақәа мҩақәҵагас исыман. Урҭ амца ианалаблы, аиаша шәасҳәап, сыбжа сымнахит", - иҳәоит игәы иаланы аԥа.
Зосҳан ихшара иҿаԥхьа ауал дуӡӡа рықәуп ҳәа ирԥхьаӡоит. Иахьа Зосҳан Аиба агәамбзиара имоуп. Ремзи иаб мыцхәы аџьабаа иирбар иҭахым аҟнытә, ашьыжь заа дгыланы, арахә рҭыԥ иқәҵаны, ахаҵа ус нагӡаны иҵаҩцәа рахь дцоит.
Асахьаҭыхыҩ қәыԥш Ремзи Аиба гәҭакыс имоуп Гагра араион Асахьаҭыхцәа реидгыла аԥҵара. Идырым аҟазацәа қәыԥшцәа адгылара рыҭара, рбаҩхатәра ацәыргара.
Ажәабжьқәа зегьы
0