Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хә-еҵәак ирыҵанакуа асасааирҭа "Москва резорт" апроект ӡырган

© Sputnik / Бадрак АвидзбаПроект пятизвездочного отеля "Москва резорт" представили в Кабмине Абхазии
Проект пятизвездочного отеля Москва резорт представили в Кабмине Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2021
Анапаҵаҩра
Пицунда 2022 шықәса анҵәамҭазы зыргылара азгәаҭоу асасааирҭа иақәхарџьхоит 20 миллиард мааҭ.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Хә-еҵәак ирыҵанакуа асасааирҭа "Москва резорт" апроект ӡырган Аминистрцәа реилазаара аконференц-зал аҿы.
Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аиҳабыра рхада Александр Анқәаб, аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа.
© Sputnik / Бадрак АвидзбаПроект пятизвездочного отеля "Москва резорт" представили в Кабмине Абхазии
Проект пятизвездочного отеля Москва резорт представили в Кабмине Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2021
Атәыла ахада атуристтә хыбрақәа аргылара апроект уаанӡа аиԥш ҟамлацт ҳәа ахиҳәааит. Иҳәеит атәыла анапхгара адгылара шыҟарҵо.

"Иахьа имҩаԥысуеит уаанӡа зеиԥш Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы иӡыргамыз апроект. Агәра ганы сыҟоуп апроект аетапқәа зегь рынагӡараан алахәылацәа ршәарҭадара хьчахоит ҳәа. Аус зыдуылоу аԥҟарақәа ԥсаххом, ҳтәылауаагьы уи иадгылоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Апроект ахада Александр Ткачиов иазгәеиҭеит асасааирҭа аҩаӡара ҳарак шамоу.
"Аинвистициа ахышәаҵышәа 20 миллиард ыҟоуп. Акредит азы абанкқәеи ҳареи ҳаилацәажәахьеит. Хышықәса имҩаԥысуа аусурақәа раан аамҭак ала зықьҩык рҟынӡа ахархәара рыҭахоит. Асасааирҭа 700 ҭыԥ амоуп. Иара убасгьы иргылахоит зықь ҭыԥ змоу апартаментқәа. Жәашықәса аҩнуҵҟатәи ашәахтәқәа 5 миллиардк ҟалоит", - иҳәеит иара.
Асеиԥш иҟоу атурист хыбрақәа Аԥснытәи ахырхарҭа аԥсшьараз алхра иацхраалоит ҳәа иҳәоит Ткачиов.
Чертеж - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2021
Аԥсны
Пицунда ргәы иҭоуп хә-еҵәак змоу асасааирҭа аргылара
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит ишыҟаз аамҭақәа 100-200 нызқь доллар иҟаз аинвистициақәа ианреигәырӷьозгьы.
"Миллион доллар иҟаз аинвистициақәа ҳауа ианалага даара ҳгәырӷьон. Ишәгәаласыршәар сҭахуп аԥсуа економика ахы шакуаз. Иҟоуп аклассикатә ҿырԥштәқәа, акала уызвамло. Иалшом акгьы ахьыҟаӡам аекономика аҿиара. Ҳара ҳекономикагьы асовет Аԥсны аекономикоуп хыҵхырҭас иамоу, иҳәатәуп уи дотациатә економикан ишыҟаз", - иҳәеит иара.
Пицунда 2022 шықәса анҵәамҭазы зыргылара ахацыркра азԥхьагәаҭо асасааирҭа иақәхарџьхоит 20 миллиард мааҭ. "Москва резорт" аҵакыра 45 гектар иҟоуп. Атуристтә еикәшара ашықәс аҩнуҵҟа 150 000-ҩык ҟалоит.
Кемпинг  ТАМЫШ Village - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2021
Аԥсшьарҭатә комплекс "Тамшь Village" 7000-ҩык атуристцәа аҭаахьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0