Лавров далацәажәеит Урыстәылеи ЕААи ашәарҭадараз ахәдықәҵара азҵаарақәа ишрылацәажәо.

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в расширенном заседании коллегии Министерства иностранных дел
Президент РФ В. Путин принял участие в расширенном заседании коллегии Министерства иностранных дел - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2021
Анапаҵаҩра
НАТО Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара абџьар аргылареи хаҭала аҽмырҭбаареи роуп изҵаара хаданы иҟоу ЕААи Аҩада Атлантикатәи алианси реиԥылараҿы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik. Урыстәылеи ЕААи ашәарҭадараз ахәдықәҵара азҵаарақәа ирылацәажәараны иҟоуп ашықәс ҿыц ашьҭахь ҳәа иҳәеит Урыстәыла ААР ахада Сергеи Лавров. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Еиду аштатқәеи ҳареи аиҿцәажәара араунд хада мҩаԥаагараны ҳаҟоуп. Аиҿцәажәарақәа мҩаԥысраны иҟоуп аныҳәамшқәа рышьҭахь", ҳәа иҳәеит аминистр "Соловьев Live" аинтервиу аҭо.
На фотографии изображен логотип НАТО, когда Генеральный секретарь НАТО Йенс Столтенберг проводит пресс-конференцию во время встречи министров обороны НАТО в Брюсселе 13 февраля 2020 г - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2021
Столтенберг иҳәеит Урыстәыла Ахеилак— НАТО аилатәара ажьырныҳәа 12 азы имҩаԥгазарц
Ԥхынҷкәын аламҭалаз Урыстәылеи Америкеи рхадацәа Путини Баидени аиҿцәажәара мҩаԥыргеит иарку арежим ала. Абри ашьҭахь жәамш ҵуаны Урыстәыла ААР ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рганахь ала аиқәшаҳаҭрақәа рыпроект акьыԥхьит. Адокументқәа Вашингтони Бриуссели ирзынашьҭын. Аиқәшаҳаҭра апроект ахәҭақәа руак аҿы иарбоуп НАТО мрагыларахь, Украина аҵакырахь уаҳа аҽырҭбаара шымҩаԥнамго азы ахәдықәҵаҟаҵара. Америкатәи иколлега диацәажәо Путин иҳәеит "цәаҳәа ҟаԥшьны" ишишьо НАТО Мрагылараҟа аҽырҭбаареи Украина абџьар ақәыргылареи.
Ажәабжьқәа зегьы
0