Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аспорт азы Аҳәынҭеилакы 2021 шықәсатәи аусуратә еихшьаалақәа мҩаԥнагеит

© Sputnik / Томас Тхайцук ПК Джамала Губаз
ПК Джамала Губаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы 2021 шықәсатәи аусуратә еихшьаалақәа мҩаԥнагеит Sputnik апресс-центр аҿы ԥхынҷкәын 28 рзы.
Аԥсны аспорт азы ашықәс зеиԥшраз, иарбан еиқәшаҳаҭрақәоу ари аамҭазы анапы зҵаҩыз, Аԥсны аспорттә лшамҭақәа рыҿиара шазԥхьагәаҭоу уҳәа Sputnik аматериал аҿы.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik
2021 шықәса аԥсуа спорт азы имариамыз шықәсын. Анырра ҟанаҵеит апандемиагьы. Ирацәан иазгәаҭаз ауснагӡатәқәа, аха зымҩаԥгара алымшаз. Ус шакәугьы иҟоуп узлаҽхәаша – ареспубликаҿ имҩаԥган 36 еицлабра, атәыла анҭыҵ Аԥснытәи аспортсменцәа 57 турнир ирылахәын.
"Раԥхьа иргыланы салацәажәар сҭахуп ашьапылампыл. Ари ауаа рацәа злахәу спорттә хкуп. 30 шықәса раԥхьа Урыстәыла астудентцәа рлига иалахәын Аԥснытәи акоманда. Аабатәи аҭыԥ аннакылеит. Шәача ақалақь ачемпионат аҿы аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит. Ари акраҵанакуан, иагьгәыҟаҵаган. Абри ахырхарҭала иҳалшо ҟаҳҵоит. Ҳҿар рхы бзианы иаадырԥшуеит. 62 шықәса зхыҵуа Борис Багаҭелиа мчыбжьык аԥхьа дзиудо азы Урыстәыла ахраҿа ианашьахеит. Иҟоуп аҿар зҿыԥшыша" , - иҳәеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы Џьамал Гәбаз.
Борис Багателия - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2021
Аԥсны
Борис Багаҭелиа дзиудо азы аветеранцәа рыбжьара Урыстәыла Ахраҿа даиааит
Ашықәс азы иалукааша хҭысны Гәбаз аӡбахә иҳәеит Урыстәыла аспорт аминистр Олег Матыцин Аԥсныҟа иаара. Ареспубликаҿ иара идырбеит аспорттә хыбрақәа – астадионқәеи азалқәеи. Гәбаз иажәақәа рыла, урыстәылатәи аган аспорттә хыбрақәа рыргылараҿы ацхыраара шыҟарҵо рҳәеит.
"Аныҳәақәа рышьҭахь Москваҟа аилацәажәараз амҩа сықәлоит абри аус аганахь ала: иаҳҳәап абокс, ақәԥара, анапылампыл ма ашьапылампыл маҷ рзы аицлабрақәа ахьымҩаԥугаша азал аргыларазы. Араионқәа зегьы рҿы иаҳҭахуп асеиԥш иҟоу азалқәа, аха аԥхьа Аҟәа ала ҳалагап. Жәларбжьаратәи ахәмаррақәа рымҩаԥгаразы ари иаарласны иҟаҵатәу усуп", - иҳәеит иара.
2021 шықәса жәабранмзазы урыстәылатәи аган адырра ҟанаҵеит Гал ақалақь аҿы ажәҩаҵшьратә база шеиҭашьақәдыргыло азы. Гәбаз иҳәеит макьана апроектқәа аус рыдулара иаҿуп ҳәа.
Олимпийский проект -  байдарочники в Гале - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2021
Урыстәыла аспорт азы аминистрра Аԥсны ажәҩаҵшьратә база аиҭарҿиара аинтерес амоуп
"Аиҭашьақәыргылара иаҵанакуеит ажәҩаҵшьратә базеиԥш Ешыратәи аспортбазагьы, аха макьаназы алацәажәара заауп. Урыстәылаҟа усутә ныҟәарыла сцара ашьҭахь арҭ азҵаарақәа рҭакқәа еилыргахап ҳәа сыҟоуп", - иҳәеит иара.
2021 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны иаартын Зенит Академиа. Аилак ахантәаҩы ари хҭыс дууп ҳәа ишьоит.
"Еиҳа аҟыбаҩ змоу ахәыҷқәа џьара ргара аҭаххом. "Зенит" – Урыстәыла иналукааша командоуп. Урҭ рхаҭарнакцәа ара иааны ахәмаррақәа ирыхәаԥшлоит, иреиӷьқәоу аҵаразы иргалоит. Ишыздыруа ала Цандрыԥшь абаза аргылара иалагароуп", - иҳәеит Гәбаз.
Аслан Бжания принял делегацию российского ФК «Зенит» - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
Аслан Бжьаниа ашьапылампылтә клуб "Зенит" анапхгара идикылеит
Иарку аҳәаақәа
Иахьа мҽхакы ҭбаала ҳтәыла ахьазхаҵам иахҟьаны, аҭыԥантәи аспортсменцәа Аԥсны агимни абираҟи ирыҵагыланы ақәгыларазы алшара рымам. Иреиӷьӡақәоу Урыстәыла еизгоу акомандақәа ирылахәхоит. Уажәы аилак аилацәажәара мҩаԥнагоит ҳаспортсменцәа егьырҭ атәылақәа рбираҟқәа ирыҵагыланы иқәгылаларц азы.

"Абри ахырхарҭала аус аауеит. Иҟоуп урыстәылатәи аспортсменцәа иреиӷьӡақәоу ҳәа ишьоу ирхыԥхьаӡалоу, аха урҭ жәларбжьаратәи аицлабрақәа рылахәхара залшом. Аусура мҩаԥаагоит ҳаспортсменцәа егьырҭ атәылақәа рбираҟқәа ирыҵагыланы иқәгылаларц азы. Ҳара ҳзы ихадоу аԥсуа Европа ма адунеи ачемпионат аҿы иқәгылароуп", - иҳәеит Џьамал Гәбаз.

Аҿар адәы раԥыргара
Аԥсны аспорт аҿиаразы уадаҩра дуны иҟоу аԥара азымхароуп. Гәбаз игәаанагарала атәыла уаҵәтәи аԥеиԥш аҿар шракәу дырны урҭ адәы рықәгара аҭахуп.
"Аҩыза дсымоуп, амеценат Рубен Альберт-иԥа Татулиан. Уи иахьатәи аамҭазы аилаки аспорт ахаҭеи 36 миллион мааҭ рыдиҵахьеит. Ари ҳаилак абиуџьет аасҭа ҩынтә еиҳауп. Уажәы Цандрыԥшь астадион аргылара ҳаҿуп, ахәԥса 25 миллион артәоит, иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Аҿари аспорти адгылара ду рырҭалароуп аҳәынҭқарреи амеценатцәеи. Имаҷҩым уи зылшо. Ҳара 10 миллионҩык ҳаҟам, 300-400 нызқьҩык ҳауп иҟоу. Аамҭа ҳмырӡроуп аҿиараз. Ҳҿар адәы, амҩа ирныгатәуп. Гал инаркны ԥсоунӡа иҳамазароуп ахәыҷқәа, аҿар ахьнеиуа аспорттә уадақәа", - иҳәоит Џьамал Гәбаз.
Аилак ахантәаҩы иҳәеит аусбарҭа 2022 шықәсазы апланқәа маҷымкәа ишамоу, аха урҭ аиҳарак рынагӡара апандемиатә ҭагылазаашьа иадҳәалоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0