Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы амҩатә машәырқәа рҭагылазаашьа далацәажәеит

© SputnikКоординационное совещание правоохранительных органов
Координационное совещание правоохранительных органов - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2021
Анапаҵаҩра
Аҩаша имҩаԥысит азинхьчаратә усбарҭақәа ркоординациатә еилацәажәара аусҭҵааратә усбарҭақәа ршьаусҭҵаара-процессуалтә усура алҵшәақәеи акоррупциатә цәгьоурақәа раԥырҟәҟәаареи раарԥшреи рзы азакәанԥҵара анагӡареи ирзырханы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы азинхьчаратә усбарҭақәа ркоординациатә еилацәажәараҿ амҩатә машәырқәа рҭагылазаашьа атәы далацәажәеит.
Иара иажәаәқа рыла, амҩақәа рҿы аԥсҭбарақәа 2020 шықәса иаҿырԥшны 2021 шықәсазы ишеиҵахазгьы ишыуадаҩц иаанхоит.
"2021 шықәса жәеиза мзы рыҩнуҵҟа иазгәаҭоуп амҩатә машәырқәа раан иҭахази ааха ӷәӷәа зауызи рхыԥхьаӡара аиҵахара. 2020 шықәсазы 52-ҩык ҭахеит, аахақәа роуит 255-ҩык. 2021 шықәса абри аамҭазы иҭахеит 36-ҩык, аахақәа роуит 218-ҩык. Ари 16 ԥсҭбарала еиҵоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Ночной рейд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Аҳәынҭавтоинспекциаҿ ирҳәеит автотранспорт ахархәаразы аршаҳаҭгақәа анаҭаху
2021 шықәса жәеиза мзы рыҩнуҵҟа ареспублика ААИ имҩаԥнагеит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа, амҩаҿы ахылаԥшра еиҳа хра аманы аҟаҵара зылшо.

"Имҩаԥгаз иааларҟьаны агәаҭарақәа раан иаарԥшын 86 814 зинеилагара (ииасыз ашықәс азы - 43 508 зинеилагара). Абри ахырхарҭала аусурақәа мҩаԥысуеит. Аԥсны амҩақәа рзеиԥш ура 1989 километра иҟоуп. Урҭ рҟынтәи 200 километра ареспубликатә мҩаду иаҵанакуеит. Аҭаҩра рыҭоуп 67 000 автотранспорттә хархәага", - еиҭеиҳәоит Баҭал Агрба.

Аԥсны ААР ААИ аилазаара шьақәгылоуп 223-ҩык рыла. Ари иартәоит 62%,. Аулафахәы маҷи аусура иаҵоу ауадаҩрақәеи ирыхҟьаны акадырқәа аус раԥырҵра аҭыԥ амоуп. Ус шакәугьы аусурақәа харҭәааны иҟоу амчқәа рыла имҩаԥысуеит ҳәа иҳәоит Агрба.
"Адунеи зегьы аҿеиԥш Аԥснгьы ахы бзианы иаанарԥшит афотои-авидеорбагақәеи рсистема амҩатә машәырқәа рырбарази раԥырҟәҟәаарази. Аха ари асистема аҿиара алымшеит техникала аиқәыршәара аԥаразымхаразы", - иҳәеит Агрба.
Иара иазгәеиҭеит ауаажәларратә шәарҭадареи амҩақәа рҿы аҭагылазаашьақәа рхылаԥшреи рымҩаԥгаразы Аԥсны ААР ацентр ҿыц аиҿкаара аҵакы шамоу.
Машины на дороге  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Аԥсны автотранспорт аҭаҩраз аршаҳаҭга абланкқәа рыхәԥса шьақәдыргылеит
"Ажәалагала ҟаҳҵоит абри аус Жәлар Реизарахь азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭа нашьҭызарц иҟоу азакәанԥҵара аԥсахрақәа алагаларазы. Хаҭала административтә зинеилагарақәа реизак ахәҭаҷ 119 ахь - аҭакԥхықәра арӷәӷәаразы анаркотик маҭәашьар зыдкыланы иҟоуи арыжәтә ыжәны иҟоуи рҭагылазаашьазы", - ҳәа иҳәеит Агрба.
Иара убасгьы иҳәеит, аҿар ишрылааӡалатәу амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара ахымԥадара – ашәарҭадаратә маҟақәа рныҟәгара, ижәны амашьына аԥсҟы акра азин аҟамзаара, амашьына арццакра алмыршара.
Ажәабжьқәа зегьы
0