https://sputnik-abkhazia.info/20211229/arespublikat-khshtyra-uaanati-anapkhgara-rus-abarakh-inashup-1036966373.html
Ареспубликатә хәшәтәырҭа уаанӡатәи анапхгара рус аӡбарҭахь инашьҭуп
Ареспубликатә хәшәтәырҭа уаанӡатәи анапхгара рус аӡбарҭахь инашьҭуп
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа, уи ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба, ахәшәтәырҭа аусзуҩ Аслан Цкәуа рганахьала... 29.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-29T17:05+0300
2021-12-29T17:05+0300
2021-12-29T20:48+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101387/13/1013871323_0:113:1921:1193_1920x0_80_0_0_ff41d4257998733c1dc3f7d0514d98fd.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik. Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәылиа, уи ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба, ахәшәтәырҭа аусзуҩ Аслан Цкәуа рганахьала аус аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь инашьҭуп. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа, уи ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы. Апрокуратура хада рмаҵзуратә напынҵақәа ирхыҳәҳәеит ҳәа ахара рыднаҵоит.Иара убас аус далахәуп ҳәа ахара идҵан ахәшәтәырҭа аусзуҩ Аслан Цкәуа, иара ацәгьоура аҩаԥгаразы наплакҩык иаҳасаб ала ашәҟәы иҽҭаиҩит.Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы зыхә ршәо амедицинатә маҵзурақәа мҩаԥыргон аусзуҩцәеи Аблок №2 ахархәагақәеи рыцхыраарала.Апрокуратура хадаҿы иазгәарҭоит 2019 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны 2020 шықәса ажьырныҳәа 21 рҟынӡа аҳәынҭқарратә лабораториатә хархәагақәа рыцхыраарала 788 пациент алабораториатә ҭҵаарақәа рзыҟаҵан.Ари аус ахашәала 997 647 мааҭ артәеит, уи ала амедусҳәарҭа 435 000 мааҭ рыхә ааха аиуит.Гәыргәлиеи Воубеи ареагентқәа, ареактивқәа, аныхратә материалқәа 938 484,48 мааҭ рыхә нырхит закәаншьаҭада.Аус аматериалқәа 14 том ыҟоуп. Ахара зыдҵоу ахаҿқәа уи мап ацәыркуеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20210317/Georgi-Vouba-anyt-baandara-ioup-1032033634.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210403/Arespublikat-khyshtyra-aaym-khada-inapynaa-rynti-ikhy-daitup-1032145649.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101387/13/1013871323_91:0:1800:1282_1920x0_80_0_0_d0ec59c12898d98ba6fe7916f53daf60.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Ареспубликатә хәшәтәырҭа уаанӡатәи анапхгара рус аӡбарҭахь инашьҭуп
17:05 29.12.2021 (ирҿыцуп: 20:48 29.12.2021) Аԥсны Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа, уи ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба, ахәшәтәырҭа аусзуҩ Аслан Цкәуа рганахьала аусҭҵаара хнаркәшеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik. Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәылиа, уи ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба, ахәшәтәырҭа аусзуҩ Аслан Цкәуа рганахьала аус аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь инашьҭуп. Абри атәы
аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа, уи ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы. Апрокуратура хада рмаҵзуратә напынҵақәа ирхыҳәҳәеит ҳәа ахара рыднаҵоит.
Иара убас аус далахәуп ҳәа ахара идҵан ахәшәтәырҭа аусзуҩ Аслан Цкәуа, иара ацәгьоура аҩаԥгаразы наплакҩык иаҳасаб ала ашәҟәы иҽҭаиҩит.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Георги Воуба харас идырҵоит ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа дыргәыбзыӷны, имаҵзуратә зинмчра ихы иархәаны ахәшәтәырҭаҿ аԥара зхыршәаауа алабораториатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара иалагеит, уи ала "Агәабзиарахьчаразы" азакәан еиларгеит.
Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы зыхә ршәо амедицинатә маҵзурақәа мҩаԥыргон аусзуҩцәеи Аблок №2 ахархәагақәеи рыцхыраарала.
Апрокуратура хадаҿы иазгәарҭоит 2019 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны 2020 шықәса ажьырныҳәа 21 рҟынӡа аҳәынҭқарратә лабораториатә хархәагақәа рыцхыраарала 788 пациент алабораториатә ҭҵаарақәа рзыҟаҵан.
Ари аус ахашәала 997 647 мааҭ артәеит, уи ала амедусҳәарҭа 435 000 мааҭ рыхә ааха аиуит.
Гәыргәлиеи Воубеи ареагентқәа, ареактивқәа, аныхратә материалқәа 938 484,48 мааҭ рыхә нырхит закәаншьаҭада.
Аус аматериалқәа 14 том ыҟоуп. Ахара зыдҵоу ахаҿқәа уи мап ацәыркуеит.