Георги Воуба аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп

CC0 / / Судебный молоток и весы правосудия
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2021
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы рнапынҵамчрақәа ирхыҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иганахь ала аҩнытә баандаҩра иқәҵазарц ҳәа азыӡба аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа, абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба ахара ихарарҵоит атәым мазара итәтәра, изинмчра ахыҳәҳәара.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аппалон Гәыргәлиа имаҵзуратә зинмчра ихы иархәаны ахәышәтәырҭа амазара аӷьчра далахәуп 1 522 531 мааҭ аныхра аҟазшьала.

Георги Воуба аҩнтәы рбаандаҩра даҵанакуеит 2021 шықәса мшаԥы 4 рҟынӡа.

Уаанӡа Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы аныхра аус далаҟьышьуп ҳәа иԥхьаӡо Аслан Цкәуа 2021 шықәса мшаԥы 9 рҟынӡа аҩнтәы рбаандаҩра иқәырҵахьан.

Республиканская больница.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2021
Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара ауаажәлар рахь аҳәамҭа ҟарҵеит

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы. Апрокуратура хада аинформациала, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи, ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи, анаплакҩы Аслан Цкәуеи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уи инақәыршәаны Цкәуа хнырҳәрада иҭан ареагентқәа, ареспубликатә биуџьет аԥарақәа - 1 262 456 мааҭ рыхә ала иаахәаз. Ареагентқәа ахәышәтәырҭа апациентцәа алабораториатә маҵзурақәа рзымҩаԥгаразы ахә ахыршәаар акәын.

Жәабран 15 рзы имҩаԥган аҳәынҭқарратәи азинтәи политиказ апарламенттә еилакы аилатәара, Гәыргәлиеи Воубеи раанкыларазы азинхьчаҩцәа рхымҩаԥгашьаз ареспублика амедицинатә еилазаара атәыла ахадеи Апарламенти рахь ашәҟәы анынарышьҭ ашьҭахь.

Иара убри амш азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы иазыӡырҩын Апполон Гәыргәлиеи Георги Воубеи рдукатцәа рышшыԥхьыӡ, Апрокуратура хада аусҭҵааҩ Наур Қриа ашьаус хацырктәуп ҳәа идикылаз ақәҵара аганахьала.

Жәабран 19 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, Екатерина Ҭырқьԥҳа зхантәаҩраҿы дыҟаз, Апполон Гәыргәлиеи, Георги Воубеи, Аслан Цкәуеи рганахьала аусҭҵаара азакәаншьаҭа амоуп ҳәа азгәарҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0