Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атеатр зыԥсҭазаараз: Аԥсны Жәлар рартистка Нелли Лакоба диижьҭеи 85 шықәса ҵит

© Фото : из архива абхазского драмтеатраНелли Лакоба во время спектакля
Нелли Лакоба во время спектакля - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр 50 шықәса инеиԥынкыланы амаҵ азызухьаз, Аԥсны Жәлар рартистка Нелли Лакоба иахьа илхыҵуазаарын 85 шықәса.
Нелли Лакоба раԥхьаӡакәны асценахь дцәырҵит 1968 шықәсазы. Уи инаркны лхы-лыԥсы зегьы ақәҵаны асценатә хаҿсахьақәа баҩхатәра ҳаракыла иаалырԥшон. Зус ҭакԥхықәра дулла иазнеиуаз Нелли Лакәаԥҳа, лрольқәа иналыгӡоз ахәаԥшцәа ргәаҵанӡа инеиуан. Лара илылшеит ажәлар рыбзиабара аԥсахара.
Роман Сабуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2019
Арадио
Сабуа Нелли Лакоба илызкны: асценахь ацәырҵра лара лзы ианакәызаалак иԥшьоу усын
"Неллии сареи еиҳа ҳаизааигәахеит Аԥсуа драматә театр аҟны аусеицура ҳаналага нахыс. Лареи сареи акыр арольқәа ҳаицыхәмархьан, раԥхьаӡатәиуп Грибоедов ипиесала аспектакль "Зыхшыҩ зызрыцҳау". 23 шықәса ҳаицыхәмаруан Искандер иҩымҭала аспектакль "Махаз" аҟны", - ҳәа игәалаиршәоит Аԥсуа драматә театр актер Кьасоу Ҳагба.
Иара иазгәеиҭеит, Нелли Лакоба лаҟазара адагьы уи шаҟа дуаҩы аамсҭашәаз, зегьы дшырзааигәаз.

"Нелли иаҳәшьак, анык леиԥш даҳзыҟан. Иарбан уадаҩразаалак иаҳԥылоз аҟны ҟәышрыла амҩа ҳақәылҵон, ҳааигәа дыҟан еснагь. Еиҳабык лаҳасаб ала, зегьы дрыхӡыӡаауан, аҩызцәа, аколлектив рыгәҭаны пату ду лықәын, зегьы ргәы лзыбылуан. Акырынтә агастрольқәа рахь ҳаицны аҳәаанырцә ҳцахьан, убраҟагьы анык леиԥш лылаԥш ҳхын, афатә-ажәтә ҳаглыжьуамызт, еснагь ҵәахык лыман, аԥҳәыс барақьаҭ ҳәа ззыуҳәашаз лакәын", - ҳәа иҳәоит Кьасоу Ҳагба.

Збаҩхатәра ҳаракыз Нелли Лакоба қәҿиарала акыр аспектакльқәа рыҟны дыхәмарит: "Ашьха ҭыԥҳа", "Зыхшыҩ зызрыцҳау", "Махаз", "Аӡыхь абжьы" уҳәа. Нелли Лакоба лхы-лыԥсы ақәҵаны аԥсуа культура дазааԥсон, асцена лара лзыҳәаны ԥсҭазааран, иԥсыршьаган.
"Нелли дрылиааит зчеиџьыка ҭбааз аҭаацәа. Усҟан аспектакльқәа ҳаманы ақыҭақәа ҳрылсуан, Нелли Лакоба лыҩны уеиҩсны уаар луамызт, акырынтә лаб игәараҭахь ҳамҩахыҵхьан, пату ҳақәырҵахьан. Ҭаацәала ҳара ҳамҩахыҵра ныҳәак ирзаҩызан", - ҳәа азгәаиҭоит Кьасоу Хагба.
Народная артистка Абхазии Этери Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2018
Аԥсуа театр аҳкәажәцәа иреиуаз
Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥсны Жәлар рартистка Нелли Лакоба диит Лыхны ақыҭан ԥхынҷкәын 30 1936 шықәсазы. 1968 шықәсазы Қарҭтәи аҳәынҭқарратә атеатртә институт далганы аусура далагеит Аԥсуа драматә театр аҟны. Иара убри ашықәсан Аԥснытәи АССР иреиҳаӡоу аилак адепутатс далхын.
2010 шықәсазы аспектакль "Махаз" аҟны Урыстәылазегьтәи атеатртә фестиваль аҿы "Иреиӷьу аԥҳәыс лроль" назыгӡаз ҳәа далкааны иланаршьеит Фаина Раневскаиа лыхьӡ зху апремиа. Нелли Лакоба "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара ланашьан.
Нелли Эшба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2018
Аԥсуа театртә ҟазара аеҵәахә
Ажәабжьқәа зегьы
0