https://sputnik-abkhazia.info/20220101/aslan-bzhania-asny-zhlar-ashys-yts-rydinyaleit-1036993423.html
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар 2022-тәи Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҟны. 01.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-01T00:05+0300
2022-01-01T00:05+0300
2022-01-01T00:14+0300
аԥсны
ауаажәларра
ажәабжьқәа
аслан бжьаниа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/01/1033322618_0:135:2600:1598_1920x0_80_0_0_38de39aa07120a27bd2b9ad7bef3ab0d.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар 2022-тәи Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҟны.Иара иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәсаз ҳазхьымӡаз шыҟазгьы, иҳалшазгьы шыҟаз, агәрагарагьы ааирԥшит иааиуа ашықәсаз иҟоу ауадаҩрақәа ҳшыриааиуа. "Сара агәра згоит иааиуа ашықәсазы ҳажәҩахыр еибыҭаны, иҟоу ауадаҩрақәа ҳшыриааиуа, иацы иҳалымшаз шҳалҳаршо!" - иҳәеит атәыла ахада.Иара Аԥсны жәлар зегьы ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭынчра, аҿиара. "Ҩнаҭацыԥхьаӡа иагымзааит анасыԥ, аҳәоуеиқәшәара, агәырӷьара! Ҽаанбзиала шәнеиааит, сыуаажәлар!" - иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа адныҳәалараҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/01/1033322618_145:0:2456:1733_1920x0_80_0_0_26607da1c5f4549c3e3ca6031ee25613.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит
00:05 01.01.2022 (ирҿыцуп: 00:14 01.01.2022) АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар 2022-тәи Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҟны.
"Акыр иаԥсоу Аԥсны жәлар! Ашықәс ҿыц иадаҳҳәалоит агәыӷра лашақәа, иҿыцу агәҭакқәа. Иҳаҩсыз ашықәс ачымазара бааԥс иахҟьаны ҳажәлар аԥсреи абзареи ирҭагылан. Аԥсны анҭыҵ инхо ҳауаажәлари ҳҳақьымцәеи рымч еибыҭаны, ирылшоз зегьы ҟарҵеит имариамыз аҭагылазаашьа ацәцаразы. Иара убас афымцамч, аӡымҩангара русхк аҿы ауадаҩрақәа ҳрықәшәеит. Урҭ рҭыԥ иқәызҵоз ҳтәылауаа, иара убас азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, уахи-ҽни, имыцәа-имтәа аус зуаз, иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп", - иҳәеит ахада.
Иара иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәсаз ҳазхьымӡаз шыҟазгьы, иҳалшазгьы шыҟаз, агәрагарагьы ааирԥшит иааиуа ашықәсаз иҟоу ауадаҩрақәа ҳшыриааиуа.
"Сара агәра згоит иааиуа ашықәсазы ҳажәҩахыр еибыҭаны, иҟоу ауадаҩрақәа ҳшыриааиуа, иацы иҳалымшаз шҳалҳаршо!" - иҳәеит атәыла ахада.
Иара Аԥсны жәлар зегьы ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭынчра, аҿиара.
"Ҩнаҭацыԥхьаӡа иагымзааит анасыԥ, аҳәоуеиқәшәара, агәырӷьара! Ҽаанбзиала шәнеиааит, сыуаажәлар!" - иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа адныҳәалараҿы.