Здание репатриации - Sputnik Аҧсны, 1920
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

"Аԥсны ҳахырбааит": ҳџьынџьуаҩ Шьенаи Агәмааԥҳа лыԥсадгьыл иазкны

© Foto / иаҳзаалҭит Саида ЖьиԥҳаШьенаи Агәмааԥҳа
Шьенаи Агәмааԥҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2022
Анапаҵаҩра
Ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭрақәа, рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭаара алшара анроу зықьҩыла иааны рабдуцәа рыдгьыл иқәгылеит, шәҩыла наӡаӡа ихынҳәит. Иахьа лыӡбахә шәзеиҭасҳәоит "Аԥсны ҳахырбааит" ҳәа раԥхьаӡа зыԥсадгьыл баны агәыхь зауз, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Шьенаи Агәмааԥҳа.
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа аӡәырҩы рыԥсҭазаара Германиа иадҳәалоуп. Џьоукы уахь аусура ицаны иаангылеит, егьырҭ аҵара ҵаны ҩаԥхьа Ҭырқәтәылаҟа ихынҳәит. Шьенаи Агәмааԥҳа лакәзар, лаб Омери лан Саадеҭ Ҭарԥҳаи Германиа аусқәа руан азы акыр шықәса уаҟа иҟан, рхәыҷқәагьы аҳәаанырцә ирызҳаит.
"Ҳара ҳҭаацәараҟны фҩык ахшара ҳаҟан, ԥшьҩык аиаҳәшьцәеи ҩыџьа аишьцәеи. Егьырҭ раасҭа сара схәыҷра Ҭырқәтәыла имҩасит сҳәарц сылшоит. Санду Назлы Ашәԥҳа слааӡеит", - еиҭалҳәоит ҳџьынџьуаҩ.
© Foto / иаҳзаалҭит Саида ЖьиԥҳаШьенаи Агәмааԥҳа
Шьенаи Агәмааԥҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2022
Шьенаи Агәмааԥҳа
Амҳаџьырра аамҭақәа раан, атәым дгьыл ахь ихырҵәаз Шьенаи лабду иабду Мудир иоуп. Иара дхәыҷны Ҭырқәтәылаҟа дықәнагалеит. Даазгаз ихылҵшьҭра ирыздырӡом. Ажәакала Мудир знапы даныз ахҵәацәа Ефҭениа ақыҭан, аԥсуаа, лымкаала Шәлиман Ашәба ишьақәиргылаз, иахьа Сулеиманбеи ҳәа изышьҭоу ацуҭаҟны инхеит. Мудир Агәмаагьы идац ара иаиркит.
"Сара сабду Беқьир иҟынтәи ауп ҳабиԥара шысгәалашәо. Иара дзаҵәын. Инасыԥхаз санду Назлы Ашәԥҳаи иареи ҩыџьа аԥацәа рхылҵит, саби уи иашьа Иашьари. Ҳаҩнаҭаҟны зегьы ибзианы ҳхатәы бызшәа ҳдыруеит. Акыр шықәса Германиа ҳшыҟазгьы иаҳхамшҭӡеит. Уи зыбзоуроу ашьаҭа ҳзыркыз ҳанду лоуп", - ҳәа азгәалҭоит Шьенаи.
Шьенаи Агәмааԥҳа Есқьишьеҳиртәи ауниверситет ауаажәларратә еимадара афакультет далгеит, аха лзанааҭ ала аус луртә еиԥш изыҟамлеит ичмазаҩыз лан дахьлыдтәалаз инамаданы.
© Foto / иаҳзаалҭит Саида ЖьиԥҳаШьенаи Агәмааԥҳа
Шьенаи Агәмааԥҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2022
Шьенаи Агәмааԥҳа
Шьенаи 13 шықәса раахыс Сақариа иҟоу Кавказ акультуратә Центр даҭаауеит. Араҟа иреизарҭа ҭыԥуп, ихәшҭаароуп Кавказ ахаҭарнакцәа зегьы.
"Адернеқь аҟны ҳазҿлымҳаны аԥсуа бызшәа ҳҵоит, рҵаҩцәас иҳамоуп Фаарықә Ажьибеи Ирфан Ахәаҷбеи. Акурсқәа ирҭаауеит аинтерес змоу егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы. Араҟа еиуеиԥшым аиԥыларақәа еиҿаҳкаауеит. Кавказ ашәаҳәаратәи акәашаратәи агәыԥқәа аԥҵоуп. Аԥснынтәи асасцәа анаауа иҳадаҳкылоит. Шықәсқәак раԥхьа Кавказ Адернеқь хазы хыбраны идыргылеит аҟнытә даара иманшәалахеит ҳара ҳзы", - лҳәоит ҳџьынџьуаҩ.
Шьенаи Агәмааԥҳа жәашықәса инацны иҵоит раԥхьаӡакәны Аԥсныҟа данаа. Лара аҳәаа дшаахыҵыз еиԥш "Аԥсны ҳахырбааит" ҳәа агәыхь лызцәырҵит.
© Foto / иаҳзаалҭит Саида ЖьиԥҳаШьенаи Агәмааԥҳа
Шьенаи Агәмааԥҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2022
Шьенаи Агәмааԥҳа
"Аԥснытәи аҳауа анылбаазда сыҩнуҵҟа зегьы аҽеиҭанакит. Иаразнак иснырит ари адгьыл сара ишыстәыз. Ҳара жәла-жәлала ԥыҭҩык ҳаицын. Асасааирҭа "Интер-Сухум" ҳаангылеит. Аха ҳаӡбахә заҳаз ҳажәлантәқәа иааны ҳаргеит. Мураҭ Агәмааи, иԥшәмаԥҳәыси, сареи аҩныҟа ҳаргеит Аҟәа инхоз Варлам Агәмаа иҭаацәа. Урҭ амшқәа ашана ацны имҩасит", - илгәалашәоит Шьенаи.
Ҳџьынџьуаа Аԥсны иҟанаҵы рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәа рзымҩаԥган. Доусы рыешьара ахьынхоз ақыҭақәа дырбан. Шьенаи илгәалашәоит иахьынаԥшааԥшуаз зехьынџьара лаӷырӡыла ишынаскьаргоз.
© Foto / иаҳзаалҭит Саида ЖьиԥҳаШьенаи Агәмааԥҳа
Шьенаи Агәмааԥҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2022
Шьенаи Агәмааԥҳа
"Ҭырқәтәылаҟа ҳанаа, ҳҭынхаҵәеи ҳҩызцәеи иаҳзықәдыргылоз азҵаарақәа ҵыхәаԥҵәара рымамызт. "Ижәбеи? Ишәаҳаи? Изеиԥшреи ҳабдуцәа рыдгьыл уҳәа. Ҳаргьы, џьанаҭ ҳаҟан, саԥсыуоуп ҳәа зхы иазызҳәо адунеи нижьаанӡа уи иблала ибароуп ҳәа раҳҳәеит", - лажәа иацылҵоит аԥҳәызба.
Шьенаи Агәмааԥҳа лгәазыҳәара хадақәа иреиуоуп атәым дгьылқәа рахь иқәнагалаз аԥсуаа рҭоурыхтә дгьыл еиднакыларц. Ари аус аҿы ахацәа рыгәаӷьра иалшо рацәоуп ҳәа агәаанагара лымоуп лара. Иахьа зшәымҭа иҭагылоу ахьымӡаргьы, "аӡы ахьышьҭрахь игьежьуеит" шырҳәо еиԥш абиԥара ҿа рабдуцәа рхәышҭаараҭыԥ иаднаԥхьалап ҳәа дгәыӷуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0