COVID-19 аҟынтә аҭагылазаашьа анеиӷьхо атәы иҳәеит аинфекционист

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГНЦ вирусологии и биотехнологии "Вектор"
ГНЦ вирусологии и биотехнологии Вектор - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.01.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Апандемиа 2022 шықәсазгьы инымҵәар ҟалап, ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Урыстәылатәи ажәларқәа реиҩызара ауниверситет аҿкчымазарақәа акафедра адоцент Сергеи Вознесенски.
"Аҭагылазаашьа акырӡа еиӷьхоит 2023 шықәсазы", - иҳәеит иара.
Аҳақьым иазгәеиҭеит, апандемиа ахыркәшара амедицина аганахь ала иҟоу ауадаҩрақәа рнаҩсгьы, иҭышәантәалахар шакәу афинансқәеи аекономикеи, агеополитикеи рызҵаатәқәагьы.
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара ишазгәанаҭо ала, COVID-19 алаҵәара зырԥсыҽуа алаҵаҟаҵароуп. Урыстәыла алаҵа змоу рыбжьара аҿкчымазара зыхьуа ԥшь-процентк еиҳахаӡом.
Аԥсны ажьырныҳәа аԥсшьарамшқәа рызгьы алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥқәа зегьы аус руеит.
Работа станции скорой помощи - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Аԥсны
Аԥсны ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы алаҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа раамҭеихшара еилкаахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0