Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа еихыршьаалеит аӡынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" алыҵшәақәа

© Sputnik / Бадри Есиава Подведение итогов зимней школы "Учитель года"
Подведение итогов зимней школы Учитель года - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҵарадырратә проект жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" рхы аладырхәит 140-ҩык инарзынаԥшуа Аԥснытәи арҵаҩцәеи 40-ҩык Урыстәылантәи арҵаҩцәеи.
АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik, Бадри Есиава. Аӡынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" алҵшәақәа еихыршьаалеит Аҟәа ахәаша ажьырныҳәа 7 азы.
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа еиҭеиҳәеит, Аԥсни Урыстәылеи рырҵаҩцәа рԥышәа аимадара апроект амҩаԥгара ҵыԥх аԥхынраз ишазгәаҭаз, аха Аԥсны иҟалаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны аӡынрахь ишииагаз.
Пресс-конференция министра просвещения Абхазии Инала Габлия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2021
Аԥсны
Аҵарадырра амҩала: Инал Габлиа Москвеи Мински имҩаԥгаз аиԥыларақәа реихшьаала ҟаиҵеит
"Аӡынтәи ашкол" анапхгаҩы, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Владимир Головнер иазгәеиҭеит, хәымш рыҩнуҵҟа имҩаԥгаз аусура алҵшәа бзиа шамоу. Аԥсныҟа ишааз 40-ҩык арҵаҩцәа Урыстәыла 25 регион рҟынтәи "Ашықәс арҵаҩы" аиндаҭларақәа рыҟны иаиааизи иалауриатцәахази. Аԥснытәи арҵаҩцәеи дареи еицымҩаԥыргеит 100 инарзынаԥшуа амастер-классқәа, рзанааҭ ҟазара иаҵанакуа еиуеиԥшым аԥышәеи азҵааҭәқәеи рзы ргәаанагарақәа еимырдеит.
Иара убас иазгәеиҭеит, раԥхьаӡа акәны "Ашықәс арҵаҩы" Урыстәыла анҭыҵ аус шауз, уи ишгәаӷьыуацәаз.

"Ҳара ҳҵарадырратә системақәа рыҟны аиԥшымзаара ыҟазҭгьы аусеицура цәгьахон, аха урҭ злеизааигәоу ала ҳусеицура акырӡа хәарҭара алан имҩаԥысит", - иҳәеит Головнер.

Урыстәылазегьтәи аиндаҭлара"Ашықәс арҵаҩы" иаиааиз Михаил Гуров еиҭеиҳәеит, Аԥсны иусура даара анырра бзиа шинаҭаз. Еиҳарак ишигәаԥхаз Аԥснытәи арҵаҩцәа апроект шаҟа гәцаракрыла иазнеиз.
"Сара Аԥсныҟа иаазгеит амастер-классқәа ҩба, акы лымкаала сколлегацәа аматематикцәа рзы, егьи амаҭәарбжьаратә. Сгәы иаанагоит ари аԥышәа сколлегацәа аинтерес рызцәырнагеит", - ҳәа иҳәеит Гуров.
Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №3 Инна Ҳалуашь илҳәеит ари апроект аҟны аԥышәа бзиа шлоуз, урҭ рҟынтәи иҟоуп аԥхьаҟа лышкол аҟны ахархәара зылҭашагьы.
Габлиа ашколхәыҷқәа ашәҟәқәа рыла реибаҭаразы: уи лҵшәа бзиоуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2021
Арадио
Габлиа ашколхәыҷқәа ашәҟәқәа рыла реибыҭаразы: уи лҵшәа бзиоуп
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа иҳәеит аиԥш зеиԥшу апроект аԥхынгьы амҩаԥгара ргәы ишҭоу, агәыӷрагь ааирԥшит аҿкчымазара аԥырхага рнамҭап ҳәа.
"Сгәыӷуеит акоронавирус есааира иаҳа иԥсыҽхоит ҳәа, уи зыбзоуроугьы ҳара ҳхымҩаԥгашьа ауп. Арҵаҩцәа рыбжьара алаҵаҟаҵара иаҿуп. Ари ҳара ҳзын ихадоу иҵару зҵаароуп. Ҳара шаҟа ҭакԥхықәрала ҳазнеиуа ааҟара абарҭ рҩызцәа аусқәагьы рымҩаԥгара аларшахоит", - иҳәеит аминистр.
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа иазгәалҭеит апроект аусура амастер-класс дшалахәыз. Ари ахырхарҭа хра злоу насгьы, акыр атәым ҳәынҭқаррақәа рыҟны ахархәара шамоу.
"Апроект аусура ауаҩы дшьақәнаргылоит, аԥхьаҟа сыԥсадгьыл сызлахәаша иҟасҵари ҳәа дхәыцуа. Иахьа ҳара апатриотизм рылаҳааӡаӡом ҳәа сҳәаӡом, аха уи иаҳа аформалтә ҟазшьа аанахәоит", - лҳәеит лара.
Урыстәылатәи асас Москватәи ашкол №1259 арҵаҩы Елена Лиудина Инал Габлиа иалҳәеит Аԥснытәи лколлегацәа гәазыҳәарас ишрымоу "Арҵаҩцәа ҿарацәа рхеилак" аԥҵара. Уи аҟны лыцхыраарагьы рыдылгалеит. Лара лгәаанагарала, арҵаҩҿа иизцәырҵуа ауадаҩрақәеи азҵаарақәеи рыҟны ари ахеилак ицхыраагӡахон.
Инал Габлиа иҳәеит, ари даара ишхшыҩҵак бзиоу адгыларагьы шаиҭо.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Белла Кокосқьыр урыстәылатәи лколлегацәа ҭабуп ҳәа ралҳәеит русура азын, иазгәалҭеит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ааилгеижьҭеи ас еиԥш зымҽхак ҭбаау апроект шымҩаԥымсыцыз".

Аӡынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" ахыркәшамҭаз иаԥҵахоит еизаку аметодикатә ацифратә банк, уа иҟалоит апроект иалахәыз арҵаҩцәа русумҭақәа зегьы. Иара Аԥсны иаҭахоит иҳәеит аиҿкаара анапхгаҩы Владимир Головнер.
Апроект алахәылацәа зегьы асертификатқәа рыҭахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0