Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа: Ҟазахсҭан анапхгара азинлеишәа ашьақәыргыларазы рҽазышәарақәа адгылара аҳҭоит

© Sputnik Расширенное заседание кабмина по вопросам инвестпрограммы
Расширенное заседание кабмина по вопросам инвестпрограммы - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҟазахсҭан иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik. Аԥсны агәҭынчымра ҳазцәырнагеит Ҟазахсҭан имҩаԥысуа ахҭысқәа, адгыларагьы раҳҭоит атәыла анапхгара азинлеишәа ашьақәыргыларазы рҽазышәарақәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Аҳәамҭа кьыԥхьуп Аҳәынҭқарра ахада иофициалтә саит аҟны.
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2022
Ҟазахсҭан аилаҩынтрақәа ирыхҟьаз аԥхасҭа $200 млн еиҳахеит
"Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Ҟазахсҭан имҩаԥысуа ахҭысқәа агәҭынчымра ҳазцәырнагеит. Аҿагыларатә акциақәа, анаҩс амч ахархәареи аимҵәареи рахь ииасыз атәыла ауааԥсыра рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылеит", - ҳәа аҳәоит Бжьаниа иҟаиҵаз аҳәамҭа аҟны.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит, Ҟазахсҭан акзаареи, ашәарҭадареи, аконституциатә шьақәгылашьеи аҵшәааразы иҟаз аҽазышәара ишырныубаало адәныҟантәи аҽалархәра.
"Адгылара раҳҭоит Ҟазахсҭан анапхгара имҩаԥырго азинлеишәа ашьақәыргыларазы рҽазышәарақәеи атәыла ауааԥсыра ршәарҭадара аԥҵареи. Иазаҳаԥхьаӡоит иузудымкыло акәны асуверентә ҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи аусқәа изакәанымкәан атәым ҳәынҭқаррақәа рҽалархәра, ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ашьақәырҟьара хықәкыс иҟаҵаны, анаҩс ацәгьоуцәа ргәыԥкәа рыцхыраарала амчра бџьарла анапахьы аагаразы", - иҳәеит Бжьаниа
Иара Ҟазахсҭан иқәынхо ажәлар ирзеиӷьеишьеит иаарласны атәылаҿы азакәанмчра ашьақәгылареи, аҭынчреи, аманшәалареи, аизҳазыӷьареи.
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло.
Ажьырныҳәа 6 ауха Токаев имҩаԥигеит Ашәарҭадаратә хеилак иара инапхгарала ираԥхьатәихаз аилатәара, уи аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа "аҳәынҭқарра акзаара ҵызшәаауа" шакәу, адыррагьы ҟаиҵеит ОДКБ ахь аҳәара шыҟаиҵаз "атеррористтә шәарҭара ахыхраҟны ирыцхрааразы".
Президент РФ В. Путин принимает участие в заседании Высшего Евразийского экономического совета - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Ҟазахсҭан ахада адҵа риҭеит атеррористцәа гәҽанҵарада амца рыжәырҵарц





Ажәабжьқәа зегьы
0