Ҟазахсҭан ахада адҵа риҭеит атеррористцәа гәҽанҵарада амца рыжәырҵарц

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принимает участие в заседании Высшего Евразийского экономического совета
Президент РФ В. Путин принимает участие в заседании Высшего Евразийского экономического совета - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Ҟазахсҭан ахада Касым-Жомарт Токаев ажәлар рахь ааԥхьара аныҟаиҵоз иҳәеит адҵа шыҟаиҵаз атеррористцәа гәҽанҵарада амца рыжәырҵарц.
"Ацәгьоуцәа административтә хыбрақәа рнаҩсгьы аҭынч уааԥсыра рхатәы мазарагь аԥхасҭа арҭеит, шәҩыла ауааԥсыреи аруааи ргәабзиареи рыԥсҭазаареи атәы ҳҳәаӡом. Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи срыдышшылоит", - иҳәеит аполитик.
Иара иажәақәа рыла аидыслараҟны шәҩыла ауаа ааха роуит.
Токаев инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҿагылаҩцәа рыдҵақәа зегьы ишырзыӡырҩыз, аҭынч ҟазшьа змаз зегьы. Убри аан аиҳабыра ақәшаҳаҭым атеррористцәа аицәажәараз рԥылара.

Аҳәаанырцә атәылақәа ааԥхьара ҟарҵоит аҭагылазаашьа ҭынч мҩала аӡбаразы, аиҿцәажәарақәа мҩаԥгатәуп ҳәа. Уи бзамыҟәроуп, иарбан еиҿцәажәароу атеррористцәа, ауаа зшьо рыҟны", - иҳәеит Токаев ателеканал "Хабар 24" аҟны ишиашоу ицо аефир ала иқәгылараан.

Токаев иазгәеиҭеит, ареспубликаҟны иалагалоу аҭагылазаашьа ҷыда ишалнаршо атәыла зегь аҟны аконституциатә закәанла аиҭашьақәыргылара.
Обстановка в городах Казахстана на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Ҟазахсҭан аиҳабыра ирҳәеит ареспублика араионқәа зегь рыҟны азинлеишәа шышьақәыргылоу
Иара убасгьы иҳәеит, аилаҩынтраан иаанкылаз зегьы "ашьаус ҭакԥхықәра ишақәыршәахо".

"Сара еиҿыскааит иҷыдоу ахылаԥшырҭабжьаратә гәыԥ, урҭ ацәгьоуцәеи атеррористцәеи рыԥшаара иазкуп. Ҳажәлар агәра дсыргоит урҭ зегьы "ашьаус ҭакԥхықәра ӷәӷәа ишақәыршәахо", - иҳәеит ахада ателеканал "Хабар 24" аҟны ишиашоу ицо аефир ала иқәгылараан.

Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло.
Ажьырныҳәа 4 рзы атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит. Алма-Ата, ареспублика ԥыхьатәи аҳҭнықалақь аҿы ажьырныҳәа 4, 5 рзы аҿагылара аазырԥшуази аполициаа еиҿанагалеит, аполициа ахы ианархәеит агази алашарабжьытә рԥжәагақәеи. Ҟазахсҭан зегь аҿы аинтернет аҿыхын, ателеканалқәа русура аанкылан, иалагалан аҭагылазаашьа ҷыда.
Ашьыжь ажьырныҳәа 5 рзы Ҟазахсҭан ахада Токаев атәыла аиҳабыра ԥхьатәара ишьҭит ишьақәгылаз аибарххарақәа рзы ахара рыдҵо. Иара убас адырра ҟаиҵеит Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩыс иара дшыҟалаз, уаанӡа иҟаз атәыла раԥхьатәи ахада Нурсултан Назарбаев ихаҭыԥан.
Ажьырныҳәа 6 ауха Токаев имҩаԥигеит Ашәарҭадаратә хеилак иара инапхгарала ираԥхьатәихаз аилатәара, уи аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа "аҳәынҭқарра акзаара ҵызшәаауа" шакәу, адыррагьы ҟаиҵеит ОДКБ ахь аҳәара шыҟаиҵаз "атеррористтә шәарҭара ахыхраҟны ирыцхрааразы".
Ажәабжьқәа зегьы
0