Путин адгылара аиҭеит ОДКБ асаммит-аонлаин амҩаԥгара

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин поздравил выпускников вузов с завершением обучения
Президент РФ В. Путин поздравил выпускников вузов с завершением обучения - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2022
Анапаҵаҩра
Белоруссиеи Ермантәылеи ишьақәдырӷәӷәеит Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара (ОДКБ) авидеоконференциа аҿалархәра ргәы ишҭоу.
АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ҭелла диацәажәеит Ҟазахсҭан ахада Касым-Жомарт Токаев асабша ажьырныҳәа 8 азы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Кремль апресс-релиз шьаҭас иҟаҵаны.
Акыраамҭа имҩаԥысуаз аицәажәараҿы, Токаев иԥкааны Путин изеиҭеиҳәеит атәылаҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.

Ҟазахсҭан ахада Путин иԥкааны иирдырит атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа шҿио, иазгәеиҭеит атышәнартәалара ишаҿу", - ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.

Иара убасгьы, Токаев Путин Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара аганахь ала иҟаиҵаз ацхыраараз ҭабуп ҳәа иаҳәо идигалеит ОДКБ асаммит-аонлаин амҩаԥгара. Путин ари аԥшьгара адгылара аиҭеит.
Аиҿцәажәарақәа анымҩаԥгахо арыцхә макьана ишьақәырӷәӷәаӡам.
Путин аицәажәарақәа мҩаԥигеит Белоруссиа ахада Александр Лукашенкои Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани рыҟны. Аҩ-тәылак рнапхгаҩцәа ирҳәеит асаммит аҽалархәра ргәы ишҭоу.
Расширенное заседание кабмина по вопросам инвестпрограммы - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2022
Аԥсны
Бжьаниа: Ҟазахсҭан анапхгара азинлеишәа ашьақәыргыларазы рҽазышәарақәа адгылара аҳҭоит
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло.
Ажьырныҳәа 6 ауха Токаев имҩаԥигеит Ашәарҭадаратә хеилак иара инапхгарала ираԥхьатәихаз аилатәара, уи аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа "аҳәынҭқарра акзаара ҵызшәаауа" шакәу, адыррагьы ҟаиҵеит ОДКБ ахь аҳәара шыҟаиҵаз "атеррористтә шәарҭара ахыхраҟны ирыцхрааразы".
Ажәабжьқәа зегьы
0