Шәача 2021 шықәсазы еиҳа урыстәылаа рзы зыхә ҳаракыз ԥсшьарҭаҭыԥын

© Sputnik / Игорь Онучин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Сочи
Города России. Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҩнуҵҟатәи атуризм еиҳа-еиҳа иазҿлымҳахо иалагеит акоронавирус иахырҟьаны аҳәаақәа анадыркы ашьҭахь.
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аолимпиатә ҳҭнықалақь атәыла аҩнуҵҟа еиҳа ауаа иалырхуа хырхарҭан аԥсшьаразы. Шәачоуп еиҳа аԥара ахьнырхуа аԥсшьаҩцәа ҳәа аҩуеит РИА Новости, Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа аиҳабы Маиа Ломиӡе лажәақәа шьаҭас иганы.
Шәача адагьы зыхә дуу хырхарҭаны иазгәаҭан Ҟрыми Санкт-Петербурги, иара убасгьы Баикал, Камчатка, Карелиа.
Новогодние украшения Сухумской елки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2022
Аԥсны
Анацәа рхәыҷқәа рыманы аӡынтәи аԥсшьара ахьалырхуа ақалақьқәа ирылашәеит Аҟәа
2021 шықәсазы атуроператорцәа 500 - 800 нызқь мааҭ ирыԥсоу атурқәа ахьрыдыргалоз оумашәа абара иаҟәыҵхьеит. Дара аԥсшьаҩцәагьы аԥараныхра иазыхиоуп ргәы ишаҳәо аамҭа ахгаразы. Иҟан 1 - 7 миллион мааҭ иаԥсаз атурқәагьы.

2021 шықәсазы атәыла аҩнуҵҟа еиҳа зыхә ҳаракыз ныҟәараны иазгәаҭан 15-ҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ рыԥсшьара. Жәабранмзазы Гәбаадәы аотельқәа руак аҿы рыԥсшьара 7 миллион мааҭ ахыршәааит.

Аҳәаанырцә акәзар, еиҳа зыхә ҳараку ҳәа иԥхьаӡоуп Еиду Арабтәи Аемиратқәа. Ашықәстә тур азы урыстәылатәи атуристцәа (хаҵеи ԥҳәыси) 14,5 миллион мааҭ ршәеит.
Аҩнуҵҟатәи атуризм ахәԥса адура иаҿырԥшны Аԥсны аԥсшьара еиҳа-еиҳа ирылаҵәоит. Аԥкрақәа рыҟамзаара, ахәқәа рылаҟәра арахь ауаа хьанарԥшуеит.
Уи адагьы Шәача зыԥсы зшьо реиҳараҩык аамҭа кьаҿла Аԥсны иаҭаауеит иналукааша аҭыԥқәа рбаразы.
Набережная Сухума - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Аԥсны
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы аԥсшьараз Аԥсны иалкаахаз хырхарҭахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0