00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Алма-Ата аилаҩеиласрақәа ирхырҟьаны даҽа зқьихәышәҩык инареиҳаны ауаа ааныркылеит

© Sputnik / Василий Крестьянинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Алма-Ате
Ситуация в Алма-Ате - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Анапаҵаҩра
Ҟазахсҭан аилаҩеиласрақәа ирхырҟьаны 17-ҩык азинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа ҭахеит, аҭынч уааԥсыра рҟынтәи заҟаҩ ҭахаз макьаназ ишьақәдыргылоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. Ҟазахсҭан аилаҩеиласрақәа ирхырҟьаны иаанкылоуп зқьибыжьшәҩык инареиҳаны ауаа, изакәанмыз аҿагыларақәеи ақәыларақәеи рлахәылацәа, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Алма-Аты акомендатура аинформациатә центр адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Иаанкылоуп 1 678-ҩык изакәанымкәан акциа иалахәызи арҳәцәеи ацәгьоуцәеи. Ирылгоуп 36 ак абџьари 1 476 ак аџьаԥҳани", – аҳәоит ацентр адырраҭараҿы.

Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит 2022 ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵуан аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло.
Атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит. Алма-Ата, ареспублика ԥыхьатәи аҳҭнықалақь аҿы аҿагылара аазырԥшуази аполициаа еиҿанагалеит, аполициа ахы ианархәеит агази алашарабжьытә рԥжәагақәеи. Уи аҭакс Ҟазахсҭан зегь аҿы аинтернет аҿыхын, ателеканалқәа русура аанкылан, ажьырныҳәа 19 аҟынӡа иалагалан аҭагылазаашьа ҷыда.
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.01.2022
Алма-Ата уахык ала шәҩык инарзынаԥшуа арҳәцәеи атеррористцәеи ааныркылеит
ООН адыррақәа рыла Ҟазахсҭан ахәрақәа роуит зықьҩык инареиҳаны. Ареспублика ААР адыррақәа рыла иҭахеит 17-ҩык азинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа, ааха роуит 1,3 нызқьҩык.
Ашьыжь ажьырныҳәа 5 рзы Ҟазахсҭан ахада Токаев атәыла аиҳабыра ԥхьатәара ишьҭит ишьақәгылаз аибарххарақәа рзы ахара рыдҵо. Иара убас адырра ҟаиҵеит Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩыс иара дшыҟалаз, уаанӡа иҟаз атәыла раԥхьатәи ахада Нурсултан Назарбаев ихаҭыԥан.
Токаев имҩаԥигеит Ашәарҭадаратә хеилак иара инапхгарала ираԥхьатәихаз аилатәара, уи аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа "аҳәынҭқарра акзаара ҵызшәаауа" шакәу, адыррагьы ҟаиҵеит ОДКБ ахь аҳәара шыҟаиҵаз "атеррористтә шәарҭара ахыхраҟны ирыцхрааразы".
Ажьырныҳәа 7 рзы Токаев аҳәамҭа ҟаиҵеит атеррористцәа рыҽшаанырымкыло, урҭ ишрылоу аҳәаанырцәынтә иааз, ажәагьы рниҵеит зыбџьар шьҭазымҵаз зегьы шҭадырхо. Уи адагьы, иара иазгәеиҭеит ҭынчрала агәынамӡара ааазырԥшуаз атәылауаа зегьы рҭахрақәа зегьы ишрызхьаԥшыз.
Продолжается переброска основных сил российских миротворцев ОДКБ в Казахстан - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2022
ОДКБ аҭынчреиҿкааҩцәа Ҟазахстан ианалырго атәы рҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0