Токаев ОДКБ Ҟазахсҭан имҩаԥнагаз аусура ахәшьара аиҭеит

© Sputnik / Министерство обороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасра Работа миротворцев ОДКБ в Казахстане
 Работа миротворцев ОДКБ в Казахстане - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. Аколлективтә шәарҭадараз аиқәшаҳаҭра аиҿкаара (ОДКБ) аҭынчреиҿкааҩцәа Ҟазахсҭан аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара иацхрааит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ареспублика ахада Касым-Жомарт Токаев аоперативтә штаб Алма-Ата аилатәараҿы. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Ҟазахсҭан.
Атәыла анапхгаҩы иҳәеит анапынҵақәа қәҿиарала ишымҩаԥгаз, уи азы ҭабуп ҳәа иҳәеит.

"Атеррористцәеи абандитцәеи рхыԥхьацараҿы аҭынчреиҿкааҩцәа рыҟазаара аԥсихологиатә ҟазшьа аман", - иҳәеит Токаев.

Иара иҳәеит атәыла ар ралгара ишалаго ажьырныҳәа 13 азы.
Ҟазахсҭан аҵакыраҿы аҭагылазаашьа ҷыда аанхоит ажьырныҳәа 19 рҟынӡа.
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло. Ақәгыларақәа аилаҩеиласрахь ииасит. ООН адыррақәа рыла зықьҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит. Ақәыларақәеи арҳәрақәеи, азинмчратә усзуҩцәа рҿагылареи ирхырҟьаны аҭынчреиҿкааҩцәа ралагаларазы аҳәара ҟаҵан.
Аколлективтә ҭынчреиҿкааратә мчрақәа уахь инашьҭуп аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахаанӡа. Урыстәылатәи аруаа рыда уахь иалалоит ԥшь-тәылак рарбџьармчқәа рхаҭарнакцәа — Белоруссиа, Ермантәыла, Киргизиа, Ҭаџьикисҭан.
Продолжается переброска основных сил российских миротворцев ОДКБ в Казахстан - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2022
ОДКБ аҭынчреиҿкааҩцәа Ҟазахстан ианалырго атәы рҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0