Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа аиҿагыларақәа ирылахәыз ҳәа иаанкылаз Инаԥшьба иганахьала азыӡба рыдыркылеит

© Sputnik Томас Тхайцук Наручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа мҩаԥысит, ажьырныҳәа 8 рзы урҭ ирылахәын ҳәа иаанкылоуп хәҩык ауааԥсыра.
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аҟәа имҩаԥысуаз аиҿагыларақәа дрылахәын ҳәа иаанкылаз Анрик Инаԥшьба иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит акорреспондент.
Инаԥшьба мызкы ҳәа - жәабран 8 рҟынӡа дбаандаҩызарц иқәырҵеит.
Баграт Сурмаа иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит ҩажәамш - ажьырныҳәа 28 рҟынӡа даанкылазарц.
Уаанӡа, ажьырныҳәа 11 рзы ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа хҩык рганахьала азыӡбақәа аднакылеит. Урҭ иреиуоу Аслан Ҭаниа иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит жәохәымш ихақәиҭра далхәыдатәызарц, Баҭал Ҵәыџьба – мызки жәохәымши, Рамаз Џьопуа – хәажәкыра 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра даҵакызарц.
Анрик Инаԥшьба изкыз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аилатәара ахыган игәамбзиараз. Сурмаа иус ахыган ахьчаҩцәа рыҳәарала, иахәҭаз адокументқәа реизгара иахьахьымӡаз азы.
Молоток в зале судебных заседаний - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2022
Аԥсны
Аҿагыларатә акциа иалахәыз Сурмаа иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны аиҳабыратә хыбрақәа рааигәара ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа анымҩаԥысыз ашьҭахь Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнакрит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 20 ахәҭақәа 1-и 2-и ахәҭаҷ 320 ахәҭа 1-и инарықәыршәаны, аилаҩеиласрақәа рылахәреи, амчра ахаҭарнакцәа рганахьала амч ахархәареи, амазара аԥхасҭа аҭареи рфакт азы.
Ажьырныҳәа ааба рзы азинхьчаҩцәа иааныркылеит амитинг иалахәыз хәҩык. Дара ахара рыдырҵоит ахәҭаҷ 206 ахәҭа 2 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоуразы - ауаа рацәа злахәу аибарххарақәа рылахәра. Ари ахәҭаҷ ала 4 шықәса инаркны 8 шықәса рҟынӡа ахақәиҭра алыхәдатәра.
Аҿагыларатә акциа алахәылацәа аанкылан ари ашьаус иазку заатәи ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0