Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳашыг "Амцахареи" "Аруааи" рхаҭарнакцәа реиԥыларазы: агәыӷра узҭо лҵшәоуп

Ҳашыг "Амцахареи" "Аруааи" рхаҭарнакцәа реиԥыларазы: агәыӷра узҭо лҵшәоуп
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палата алахәыла Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, аветерантә еиҿкаарақәа ҩба – "Амцахареи" "Аруааи" рхаҭарнакцәа реиԥылара амҩасшьа атәы, уи ҵакыс иамоу атәылаҿы аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалараз.
Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рполитикатә еиҿкаара "Амцахара" ахаҭарнакцәеи, аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәеи, Аԥсны ауаажәларратә Палата алахәылацәеи реиԥылара мҩаԥысит ажьырныҳәа 12 рзы.
"Аполитикатә гәаанагарақәа реибыҳәара атәыла аҭагылазаашьа иаԥырхагамхо, ажәлар рыԥсҭазаара иаԥырхагамхо, аҟаҵаразы атәылаҿы иаҭахуп инарҭбаау аполитикатә еиҿцәажәарақәа еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы. Ауажәларратә палата еснагь уи амҩа иазықәԥон, ахшыҩҵак аполитикцәа ирыдыргалон. Уажәы ҩынтә аиԥылара мҩаԥаагеит. "Амцахареи" "Аруааи" рхаҭарнакцәа реиԥылара агәыӷра узҭо алҵшәа амоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аиԥылараҿы урҭ реиԥылара инаҷыданы ауаажәларратә палата иалахәыз зегьы ргәаанагара рҳәеит, аҭагылазаашьа агәҭымчыра шаанырԥшуа", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0