ЕАА иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ: ашәарҭадараз ҳажәалагала аҭак ҳазыԥшуп

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСовет Россия - НАТО в Брюсселе
Совет Россия - НАТО в Брюсселе - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2022
Анапаҵаҩра
Ахаша Бриуссель имҩаԥысит Урыстәыла — НАТО рхеилак аилатәара. Уаанӡа Женева имҩаԥысит Урыстәылеи ЕАА-и рделегациақәа реиԥылара.
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Москва Вашингтон аҟынтә иазыԥшуп европатәи ашәарҭадараз иҟанаҵаз ажәалагала аҩыратә ҭак ҳәа иҳәеит Еиду Америкатәи аштатқәа (ЕАА) рҿы иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Антонов. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аҭагылазаашьа ашәарҭара алгаразы ҳаԥшьгамҭақәа рзынаҳашьҭит. Ажьырныҳәа 10 рзы урҭ деилҳаркааит Женева, ажьырныҳәа 12 рзы Урыстәыла — НАТО рхеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны Бриуссель. Аҭак аахҵәаны ҳазыԥшуп, башацәажәарада", - иҳәеит адипмиссиа ахада.

Иара иҳәеит Вашингтон аилацәажәарақәа рҿы апозициа ҵаҵӷәыркны ишазымҳәо.
Ахаша Бриуссель имҩаԥысит Урыстәыла — НАТО рхеилак аилатәара. Уаанӡа Женева имҩаԥысит Урыстәылеи ЕАА-и рделегациақәа реиԥылара.
Москва аблок уаанӡатәи асовет тәылақәа арратә усеицура иаҟәыҵырц, дара рҵакырақәа рҿы арратә базақәа раԥҵара мап ацәыркырц, Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара ажәыларатә хархәагақәа дмыргылаларц, Европантәи америкатәи аиадертә бџьар ықәыргарц, НАТО мрагыларахь аҽшамырҭбаауазы хәдықәҵара аурц адҵа ҟанаҵоит. Урыстәыла азыԥшуп ОБСЕ ахеилак аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәарҭадаразы аҭак жәалагалақәа роура.
Ажәабжьқәа зегьы
0