Здание репатриации - Sputnik Аҧсны, 1920
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

"Ҳгәы-ҳаԥсы Аԥсны иҟоуп": Голландиа инхо ҳџьынџьуаҩ Нурсан Аҭеиԥҳа илызкны

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаНурсан Аҭеиԥҳа
Нурсан Аҭеиԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2022
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырра аамҭа хьанҭақәа раан Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз ҳауаажәлар рахьтә ирацәаҩӡоуп, устәи, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь иқәнагалаз. Иахьа, зықьҩыла аԥсуаа рхаҭарнакцәа нхоит Европагьы. Урҭ дреиуоуп 50 шықәса раахыс Голландиа иатәылауаҩу Нурсан Аҭеиԥҳа.
-Анкьа аԥсуаа ршьа еиларгаӡомызт, ҭацас иааргози рыԥҳацәа зырҭози рмилаҭ иатәызар акәын. Саргьы даԥсыуоуп ҳәа Ҭырқәтәылантәи сахьынӡацаз ббоу?! Абас, алаф ала аицәажәара ҳалагеит Голландиа, Роттердам ақалақь аҟны инхо, 75 шықәса зхыҵуа ҳџьынџьуаҩ Нурсан Аҭеиԥҳаи сареи.
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаНурсан Аҭеиԥҳа
Нурсан Аҭеиԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2022
Нурсан Аҭеиԥҳа
Амҳаџьырраан атәым дгьыл ахь ахҵәара иақәшәеит Нурсан лабду иаб Хәаҭ иҭаацәеи иареи. Дара ԥыҭҩык шеицыз Ҭырқәтәылаҟа иқәнагалеит. Диузџье ақалақь азааигәара, Ефҭениа ақыҭан, Албуз Маан ишьақәиргылаз ацуҭаҟны анхара иалагеит, уи иахьа уажәраанӡагьы Албузбеи ҳәа ахьӡ азынхеит.
"Мамсыр захьӡыз Хәаҭ иԥацәа руаӡәы уи сара сабду иоуп. Ҭырқәтәылаҟа данаа иара 20 шықәса ихыҵуан. Араҟа ахҵәацәа зегьы даара аџьабаа рбеит. Ирхыргаз арыцҳарақәа ртәы лассы-лассы ҳаныхәыҷқәаз иаҳзеиҭарҳәон. Убриаҟарагьы ҳгәы кылнаҵәон, аиҳабацәа аҭоурых аныргәалашәоз еимаҭәаны аҵәыуара ҳалагон, ҳгәы ҳаԥсы Аԥсныҟа ихьаԥшон", - ҳәа азгәалҭоит ҳџьынџьуаҩ.
Мамсыри наҟ-наҟ инасыԥхаз Хымсада Хышԥҳаи хәҩык аԥацәеи ԥшьҩык аԥҳацәеи рхылҵит. Рхатә џьабаала ршьапы иқәыргыланы аԥсҭазаара ду ахь амҩа рырҭеит.
Нурсан лаб Хәсини лан Нурие Ҭарԥҳаи ракәзар ирааӡеит хҩык ахшара, ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи. Нурсан лашьцәа Невзаҭи Неџьдеҭи рыдунеи рыԥсаххьеит. Дара ирҭынхаз рыхшара Аҭеиаа рыешьараҟны ҳаҭыр рыманы еиҵагылеит. Нурсан лакәзар длынасыԥхеит Селааҭин Агрба. Ианеибага ашьҭахь бжьышықәса ааҵуаны нхара ицоит Голландиаҟа.
Сима Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2021
"Шәыԥшишь, абрахь ауп Аԥсны ахьыҟоу": ҳџьынџьуаҩ Сима Агрԥҳа лгәалашәарақәа
"Сыԥшәма Голландиа афабрикақәа руак аҟны аус иуан азы ҳзынҭаацәаз уахь нхара ҳаиасит. Европатәи аԥсҭазаара Ҭырқәтәыла ҳзышьцылаз иацәыхаран аҟнытә иаҳцәыуадаҩын атәым культура ашьцылара. Аха Голландиатәи аԥсуааи ҳареи аимадара анҳабжьала, насгьы"ҳҳәынҭқарра маҷ" ҳәа ҳзышьҭаз Адернеқь ҳаҭаауа ҳаналага ԥсеиқәырхагас иаҳзыҟалеит. Араҟа ҳхатәы бызшәа ықәыҩуан, ҳаԥсуара ҳаибаркны ҳаман", - еиҭалҳәоит ҳџьынџьуаҩ Нурсан Аҭеиԥҳа.
Голландиатәи аԥсуаа иахьагьы ирхамшҭӡеит Владислав Арӡынба данырҭаз амш. Усҟан, Нурсан лажәақәа рыла рабдуцәа рыдгьыл иаҟәырҷахаз "аԥааимбар" дырзылԥхашәа ргәы иабон. Аԥсышәала ианиацәажәоз, ииҳәоз аҟынтә нбанк рыцәбжьахар ҳәа рыԥсы ӡаны изыӡырҩуан, уи ихылҵуаз ашьҭабжьқәа доуҳатә мчык рыҵан.
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаНурсан Аҭеиԥҳа
Нурсан Аҭеиԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2022
Нурсан Аҭеиԥҳа
Нурсан Аҭеиԥҳаи Селааҭин Агрбеи ԥшьҩык ахәыҷқәа рааӡеит, ҩыџьа аԥацәа Олгуни Иашьари ҩыџьа аԥҳацәа Оиеи Озгьиули. Селааҭин ааигәа иԥсҭазаара далҵит ачымазара иахырҟьаны. Аҳкәажә ҳәа ззуҳәаша аԥсуа ԥҳәыс иахьа лыхшареи ааҩык лмаҭацәеи дрызгәдууп.
"Сара даара сзеигәырӷьо акәны иҟоуп сԥацәеи сыԥҳацәеи ирынасыԥхаз ахьԥсыуаау. Сҭацацәа руаӡәы д-Иуанԥҳауп, егьи д-Нанԥҳауп, сымаҳәцәа аӡәы д-Ҟалцбоуп, аҩбатәи д-Барцыцуп. Атәым ҳәанҭқарраҟны ахатәы бызшәа аиқәырхара уадаҩзаргьы, аԥсуа илеишәа ауп иныҟәаҳго. Уи алагьы ҳхаҿра ҳарӡӡом. Исцәыхарамкәа инхоит сашьеиҳабы хҩык иԥацәа, уигьы гәыҟаҵагоуп сара сзы. Сашьеиҵбы иԥацәа Германиа иҟоуп, ус акәзаргьы арантәи ихарам. Иԥҳа Ҭырқәтәыла дынхоит, уахь санцало напкәыршала ауп ҳшеибабо", - лҳәоит ҳџьынџьуаҩ.
Нурсан Аҭеиԥҳа есышықәса Ҭырқәтәылаҟа даауеит. Лара данқәыԥшыз аахыс гәҭакыс илыман лабдуцәа рыдгьыл лыблала абара, аха иахьа уажәраанӡа изалмыршахеит. Лмаҭа аиҳабы Буқе Ҟалцԥҳа агәра ллыргеит адунеи иалаҵәаз аҿкы шааиқәтәалак еиманы рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ишаауа.
Нурсан Хәсин-иԥҳа Аҭеиба лажәақәа рыла, иахьагьы Голландиа, Утрехт ақалақь аҟны аԥсуа Дернеқь аус ауеит. Уи иаҭаауа ҳауаажәларгьы рхыԥхьаӡара маҷым.
Ажәабжьқәа зегьы
0