"Шәыԥшишь, абрахь ауп Аԥсны ахьыҟоу": ҳџьынџьуаҩ Сима Агрԥҳа лгәалашәарақәа

© Foto / из личного архива Симы АгрбаСима Агрба
Сима Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2021
Анапаҵаҩра
Сақариатәи ауниверситет апрофессор, аекономист, анаукатә усумҭақәа равтор Сима Агрԥҳа иахьа Ҭырқәтәыла хьӡи-ԥшеи змоу еицырдыруа ҳџьынџьуаа рыгәҭа дгылоуп. Аԥсуа ԥҳәыс лырҿиаратә мҩа абеиареи лҭаацәаратә ҭоурыхи ирызкуп ишәыдаагало анаҩстәи анҵамҭа.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Сима Селаами-иԥҳа Агрԥҳа диит Ҭырқәтәыла, Сақариа араион аҟны. Лаби лан Шьивқьер Аҩӡԥҳаи ирааӡеит хҩык ахшара, ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи.
Артвин ақалақь абжьаратә школ далганы, Сима дҭалоит Киутахьиа ауниверситет, аменеџьмент-економикатә факультет. Анаҩс лзанааҭ еизлырҳауеит Сақариа ауниверситет аҿы. Қәҿиарала адокторантура далгоит Лондон, илыхьчоит аменеџьмент ахырхарҭала адиссертациа. Аҵара ашьҭахь, аԥҳәызба аусура далагоит Балықьесыр ақалақь ауниверситет аҟны. Иахьа Сақариатәи ауниверситет аҿы алекциақәа дрыԥхьоит, дыпрофессоруп.
© Foto / из личного архива Симы АгрбаСима Агырԥҳа лҭаацәеи лареи
Сима Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Сима Агырԥҳа лҭаацәеи лареи
Ҳџьынџьуаҩ иаллsргахьеит аԥсуа студентцәагьы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥснынтәи уаҟа аҵара зҵозгьы. Аҵарауаҩ дравторуп англыз бызшәала иҩу "Абырг асоциалтә сфераҟны инапхгараҭара", "Аԥсуа еилазаараҟны аԥҳәыс лҭыԥ" захьӡу академиатә статиақәа уҳәа еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә усумҭақәа.
Сима Агрԥҳа аҭоурых далацәажәо илҳәеит, амҳаџьырра аан 1874 шықәсазы Ҟәланырхәа ақыҭантәи лабду иаб Ҭебеқьи, иԥшәмаԥҳәыс Гәмасина Цыгәԥҳаи, ԥшьҩык рыхшареи Ҭырқәтәылаҟа имаар амуа ишыҟалаз.
"Иҳамоу адыррала, Ҭебеқь иҭаацәеи иареи атәым дгьыл ахь ианахырца, 28-ҩык аԥсуаа еицны Ҭырқәтәылаҟа иаазаап. Иара усҟан 32 шықәса ракәын ихыҵуаз. Ахҵәацәа Сақариа азааигәара, Бычкыдере ҳәа иахьашьҭоу ақыҭаҿы анхара иалагеит. Араҟа иит Ҭебеқь даҽа ҩыџьа иԥацәа", - еиҭалҳәоит ҳџьынџьуаҩ.
Филиз Хагәышьп,ҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2021
"Анемеццәа ҳџьаршьон": апрофессор Филиз Хагәышьԥҳа Германиа аԥсуара шныҟәыргоз иазкны
Сима Агрԥҳа лашьцәеи лареи ишыхәыҷқәаз Аԥсны аӡбахә рдыруан. Раб Селаами, аԥсуа хҵәацәа раӷьырак ахьӡхыҵуаз, амҳаџьырра иахнагаз ргәалашәара амш аҽны Қьефқьен ианигалоз, "шәыԥшьишь, абрахь ауп Аԥсны ахьыҟоу" ҳәаны, Амшын еиқәа егьи аган ахь инапы ирхон.
"Аҭаацәарақәа ҳрылалаанӡа, амҳаџьыраа ргәалашәара амш азгәаҭараан ҳаб Қьефқьен дымцакәа, ҳаргьы ҳимгакәа иҟамлацызт. Абрахь, амшын нырцә ҳадгьыл ыҟоуп ҳәа ҳанхьаирԥшуаз, лакәызшәа исԥхьаӡон. Уантәи ҳауаажәлар ҳарбошәа, рнапқәа ҟьо аԥшаҳәаҿы игылазшәа сгәы иаанагон", - лажәабжь иацылҵоит Сима.
Селаами Агрба акыр шықәса аполициаҿы аус иуит, аинрал ичын аҟынӡа днаӡеит. Злеишәа џьбараз, еснагь аиашара иашьҭаз аб ихәыҷқәагьы ибжьымскәа иааӡеит.
2009 шықәсазы, Сима лҭаацәа дрыцны Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҿы игаз Аиааира амш аламҭалазы лҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дааит.
"Аԥсны аҳәаа ҳаназааигәаха, "Аԥсны Аҳәынҭқарра" ҳәа аҩыра анаҳба ҳгәеисыбжь еиҳахеит, ҳалабжышқәа хыҳәҳәалеит. Аӡәи-аӡәи ҳаиҿаԥшӡомызт, ҳаԥсы ӡаны, иԥшьоу адгьыл ҳақәгылеит. Усҟан убас сцәа-сжьы ианырит, доуҳатә мчык сдақәа ирҭалазшәа. Уи ажәала аиҭаҳәара уадаҩуп", - лҳәоит лара.
Аграа рҭаацәа Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны рдацқәа ахьынтәаауаз Ҟәланырхәа ақыҭа иаҭааны ирбеит. Еибадырит рашьцәеи дареи, ирнырит агәыбылра ду.
2017 шықәсазгьы Сима Аԥсны дыҟан, далахәын Аԥсуа-абаза жәлар Адунеизегьтәи Рконгресс.
Сима Агрԥҳа дҭаацәароуп, ԥшьҩык аԥҳацәа дрануп. Лыԥшәма дашьхарыуоуп. Ани аби атыԥҳацәа рмилаҭ цәа зхоу ахьӡқәа рырҭеит Лашьын, Ҽынла, Гәында, Риҵа. Ахәыҷқәа, аамҭала Селаами Агрба ихшара ирылаирҵәаз аԥсуара шьаҭас иҟаҵаноуп ишрызҳауа. Абду ироль ҳаракӡаны иршьоит еиҵагыло абиԥара ҿа.
Ажәабжьқәа зегьы
0