Алма-Ата иҟаз ахҭысқәа рышьҭахь 200 рҟынӡа хыбра еиҭашьақәыргылатәуп

© Sputnik / Василий Крестьянинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВосстановительные работы после беспорядков в Алма-Ате
Восстановительные работы после беспорядков в Алма-Ате - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2022
Анапаҵаҩра
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Ақәгыларақәа аилаҩеиласрахь ииасит. Марҭ ахҭысқәа ирыдҳәаланы Алма-Ата мацара иҟалаз аԥхасҭа 260 миллион доллар итәеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik. Алма-Ата иҟаз ахҭысқәа рышьҭахь 243 рҟынӡа хыбра еиҭашьақәыргылатәуп ҳәа аҩуеит РИА-Новости, ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Мухит Азирбаев иажәақәа шьаҭас иганы.

"Урҭ рҟынтәи 27 – аҳәынҭусбарҭақәа иртәуп, 216 – абизнес маҷи абжьаратә бизнеси иртәуп", – иҳәеит Азирбаев.

Иара иҳәеит аҳәынҭобиектқәа абиуџьет ахарџь ала ишышьақәдыргыло. Ақалақь акимат (ахадара), ахада ирезиденциа, аҳәынҭтелеканал "Ҟазахсҭан" ахыбра, апрокуратура азинтә статистиказ аилак ахыбреи акапиталтә ремонт рзыҟаҵахоит.
Ситуация в Алма-Ате - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Алма-Ата аилаҩеиласрақәа ирхырҟьаны даҽа зқьихәышәҩык инареиҳаны ауаа ааныркылеит
Аремонт мҩаԥгахоит: ақалақь аполициа рдепартамент, Алмалинтәии Ауезовтәии араионқәа рполициаа русбарҭақәа, урҭ рыҟәшақәа рхыбрақәа рҿы.
Азирбаев иажәақәа рыла, даҽа 17 обиект рааха дуум, абизнес ахархәарала аремонт рзыҟаҵахоит.
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵуан аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло.
Атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит. Алма-Ата, ареспублика ԥыхьатәи аҳҭнықалақь аҿы аҿагылара аазырԥшуази аполициаа еиҿанагалеит, аполициа ахы ианархәеит агази алашарабжьытә рԥжәагақәеи. Уи аҭакс Ҟазахсҭан зегь аҿы аинтернет аҿыхын, ателеканалқәа русура аанкылан, ажьырныҳәа 19 аҟынӡа иалагалан аҭагылазаашьа ҷыда.
Ҟазахсҭан аобластқәа жәба рҿы 1763 абизнес субиектқәеи 2065 абизнес аобиектқәеи ааха рыҭан. Урҭ рҟынтәи аҭагылазаашьа еиҳа иахьыуадаҩыз Алма-Ата: 1618 субиекти 1904 обиекти.
Ажәабжьқәа зегьы
0