Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит акоронавирус злаз хҩык аҳәса

© Sputnik / Варвара Гертье / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОперация на позвоночнике
Операция на позвоночнике - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 39885-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 33784-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 575-ҩык.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 555-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 145-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа: 68, 75, 82 шықәса зхыҵуаз аҳәса.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 82-а, рҭагылазаашьа бааԥсуп 24-ҩык, ибжьаратәуп - 61-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит быжьҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 25-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0