https://sputnik-abkhazia.info/20220118/asny-asanmazura-abzhgara-anaoit-aaakhran-ashrazy-raanyrkalarts--1037192909.html
Аԥсны асанмаҵзура абжьгара ҟанаҵоит Аӡӡаахран аӡҽҭшьразы рҽааныркаларц
Аԥсны асанмаҵзура абжьгара ҟанаҵоит Аӡӡаахран аӡҽҭшьразы рҽааныркаларц
Sputnik Аҧсны
Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа Иаса Қьырса Иӡӡаахра азгәарҭоит ажьырныҳәа 19 азы. 18.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-18T20:00+0300
2022-01-18T20:00+0300
2022-01-18T20:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101366/05/1013660547_0:317:6017:3701_1920x0_80_0_0_e4a4018b017c3dde23da6882275e9790.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Аԥсны асанитар-епидемиологиатә маҵзура абжьгара ҟарҵоит хыԥхьаӡара рацәала есышықәса Аӡӡаахра ауха имҩаԥырго аӡҽҭшьразы рҽааныркыларц. Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.Лара иазгәалҭеит, Аԥсны ишеиқәшо аҿари абжьаратә ақәра змоуи рзын ишәарҭоу акоронавирус аштамм "дельта плюс"."Гәдоуҭатәии Аҟәа аинфекциатәи ахәшәтәырҭақәа ҭәуп, зҭагылазаашьа уадаҩу рхыԥхьаӡара рацәаҩуп, аҿар ҳцәыӡуа ҳалагеит", - лҳәеит лара.Скорик лажәақәа рыла, алаҵа ҟазымҵац Аӡӡахра иадҳәалоу аусмҩаԥгатә аҽалархәра ирзаԥсам. Аӡӡаахра аныҳәа ари ақьырсиан динхаҵараҿы аныҳәа хадақәа ируакуп.Аӡӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит. Есышықәса Аӡӡаахра амш аҽни аухеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргон, сынтәа аԥкрақәа алагалоуп аҭагылазаашьа азгәаҭаны.
https://sputnik-abkhazia.info/20220118/ab-nikita-eieieit-aaakhra-anya-ashazyaatu--1037171493.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101366/05/1013660547_330:0:5685:4016_1920x0_80_0_0_90fb33f70be6d04b12eba7ffe4a60eb8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра
Аԥсны асанмаҵзура абжьгара ҟанаҵоит Аӡӡаахран аӡҽҭшьразы рҽааныркаларц
Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа Иаса Қьырса Иӡӡаахра азгәарҭоит ажьырныҳәа 19 азы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Аԥсны асанитар-епидемиологиатә маҵзура абжьгара ҟарҵоит хыԥхьаӡара рацәала есышықәса Аӡӡаахра ауха имҩаԥырго аӡҽҭшьразы рҽааныркыларц. Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.
18 Ажьырныҳәа 2022, 10:32
Лара иазгәалҭеит, Аԥсны ишеиқәшо аҿари абжьаратә ақәра змоуи рзын ишәарҭоу акоронавирус аштамм "дельта плюс".
"Гәдоуҭатәии Аҟәа аинфекциатәи ахәшәтәырҭақәа ҭәуп, зҭагылазаашьа уадаҩу рхыԥхьаӡара рацәаҩуп, аҿар ҳцәыӡуа ҳалагеит", - лҳәеит лара.
Скорик лажәақәа рыла, алаҵа ҟазымҵац Аӡӡахра иадҳәалоу аусмҩаԥгатә аҽалархәра ирзаԥсам.
"Ҳара адырра злаҳамоу ала, иҟоуп ауахәама аусзуҩцәа аҿкчымазара зыхьуа. Уажәтәи аҭагылазаашьаҿ шәыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара иаԥсам. Иԥшьоу аӡы аҩныҟа иганы, уи аус мҩаԥыжәгар ҟалоит", - лыԥхьаӡоит Скорик.
Аӡӡаахра аныҳәа ари ақьырсиан динхаҵараҿы аныҳәа хадақәа ируакуп.
Аӡӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит. Есышықәса Аӡӡаахра амш аҽни аухеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргон, сынтәа аԥкрақәа алагалоуп аҭагылазаашьа азгәаҭаны.