https://sputnik-abkhazia.info/20220119/arezhissior-aslan-galazov-iusuma-chik-ikhyra-akhashtsa-iddyrboit-zhabranmzazy-1037199287.html
Арежиссиор Аслан Галазов иусумҭа "Чик ихәыҷра" ахәаԥшцәа иддырбоит жәабранмзазы
Арежиссиор Аслан Галазов иусумҭа "Чик ихәыҷра" ахәаԥшцәа иддырбоит жәабранмзазы
Sputnik Аҧсны
Ауаԥс режиссиор Аслан Галазов Фазиль Искандер иажәабжьқәа ирылхны афильм "Чик ихәыҷра" ҭихит 2019 шықәсазы Аԥсны. 19.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-19T11:55+0300
2022-01-19T11:55+0300
2022-01-19T11:55+0300
аԥсны
акультура
ауаажәларра
ажәабжьқәа
ҳара ҳ-фазиль
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/12/1037194904_44:0:1994:1097_1920x0_80_0_0_087ac915e74ec3dcecae9cfc23e222e2.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. Ауаԥс режиссиор Аслан Галазов Фазиль Искандер иажәабжьқәа ирылхны иҭихыз асахьаркыратә фильм "Чик ихәыҷра" ахәаԥшцәа иддырбоит Владикавказ, жәабран 3 аҽны ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.Арежиссиор Аслан Галазов иажәақәа рыла, Чик иахьатәи ахәаԥшҩы дидихалоит игәыҭбаара, аиаша иадгылара, иԥсыҽу рыхьчара, изхарамкәа хьымӡӷ здыргаз рывагыларала. Иара иҵоуроу фырхаҵоуп, хымԥадагьы аиашара дадгылаҩуп.Аслан Галазов Фазиль Искандер иажәабжьқәа ирылхны афильм "Чик ихәыҷра" ҭихит 2019 шықәсазы, "Владикавказтәи аексперименталтә киностудиаҿы" Урыстәыла акультура аминистрра адгыларала.Аепизод хадақәа ҭыхын Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы, "Брехаловка" ҳәа ззырҳәо акаҳуажәырҭаҿы, адрамтеатр аҿы, ашкол аҿы, Алашарбага араион аҿы.70-ҩык актиорцәа алахәын.Иҭырхуаз зегьы азанааҭтә ҵара рымамызт, аха зегьы аԥснытәқәан. Ароль хада неигӡеит аҟәатәи аҵаҩы, 14 шықәса зхыҵуаз Давид Ҵулукьиа.
https://sputnik-abkhazia.info/20211103/galazov-iusuma-chik-ikhyra-nalchik-akinofestival-ay-idyrban-1036174086.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/12/1037194904_287:0:1750:1097_1920x0_80_0_0_fc72562fdc5dbcfd3782117792a7be9e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
акультура, ауаажәларра, ажәабжьқәа, ҳара ҳ-фазиль
акультура, ауаажәларра, ажәабжьқәа, ҳара ҳ-фазиль
Арежиссиор Аслан Галазов иусумҭа "Чик ихәыҷра" ахәаԥшцәа иддырбоит жәабранмзазы
Ауаԥс режиссиор Аслан Галазов Фазиль Искандер иажәабжьқәа ирылхны афильм "Чик ихәыҷра" ҭихит 2019 шықәсазы Аԥсны.
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. Ауаԥс режиссиор Аслан Галазов Фазиль Искандер иажәабжьқәа ирылхны иҭихыз асахьаркыратә фильм "Чик ихәыҷра" ахәаԥшцәа иддырбоит Владикавказ, жәабран 3 аҽны ҳәа аанацҳауеит
Sputnik Южная Осетия.
Арежиссиор Аслан Галазов иажәақәа рыла, Чик иахьатәи ахәаԥшҩы дидихалоит игәыҭбаара, аиаша иадгылара, иԥсыҽу рыхьчара, изхарамкәа хьымӡӷ здыргаз рывагыларала. Иара иҵоуроу фырхаҵоуп, хымԥадагьы аиашара дадгылаҩуп.
Аслан Галазов Фазиль Искандер иажәабжьқәа ирылхны афильм "Чик ихәыҷра" ҭихит 2019 шықәсазы, "Владикавказтәи аексперименталтә киностудиаҿы" Урыстәыла акультура аминистрра адгыларала.



Аепизод хадақәа ҭыхын Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы, "Брехаловка" ҳәа ззырҳәо акаҳуажәырҭаҿы, адрамтеатр аҿы, ашкол аҿы, Алашарбага араион аҿы.
70-ҩык актиорцәа алахәын.
Иҭырхуаз зегьы азанааҭтә ҵара рымамызт, аха зегьы аԥснытәқәан. Ароль хада неигӡеит аҟәатәи аҵаҩы, 14 шықәса зхыҵуаз Давид Ҵулукьиа.