Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи ақьырсианцәа Анцәа Иӡаахра амш азгәарҭоит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПразднование Крещения в регионах России
Празднование Крещения в регионах России - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2022
Анапаҵаҩра
Иаҳхылаԥшхәу Иӡаахра амш - ажьырныҳәа 19, адунеи ақьырсианцәа зегьы ирзеиԥшу ныҳәоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 19-Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа ауахәамақәа рҟны имҩаԥысит Иаса Қьырса Иӡаахра иазку Анцәа имҵаныҳәара.
Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа) Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы имҩаԥигеит анцәаихаҵаҩцәа излахәыз аныҳәатә матанеира.
Аб Никита еиҭеиҳәеит Аӡӡаахра аныҳәа ишҽазыҟаҵатәу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2022
Арадио
Аб Никита еиҭеиҳәеит Аӡӡаахра аныҳәа аҽшазыҟаҵатәу
"Ҳара қьырсиантә ныҳәак бжьаҳажьуам, ауахәамахьгьы есымчыбжьа ҳнеиуеит. Ауаа Анцәа аныҳәақәа рзы мацара даныргәаладыршәо угәы унархьуеит. Сара исҭахуп иара иахь еиҳа ҳнаҳәырц, даҳгәалаҳаршәаларц", - лҳәоит ауахәамаҭааҩ Лиудмила.
Аныҳәа традициа хаданы иазыҟоуп аӡы аԥшьара. Аӡы рыԥшьоит ажьырныҳәа 18 аухеи ажьырныҳәа 19 аҽни. Ари аӡы ацәеижьи адоуҳаи арыцқьоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Анцәа дхазҵо маҷҩымкәа Акафедралтә уахәамахь инеит аӡыԥшьа аҩныҟа иргарц. Иара убасгьы ари амш аҽны имҩаԥыргоит аӡаахрақәа.
Ажьырныҳәа 19 (ажәытә стиль ала ажьырныҳәа 6) рзы Аӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа. Аныҳәа иара убасгьы Анцәаибара ҳәа иашьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0