Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чхамалиа ҳџьынџьуаа ААУ радыԥхьаларазы: "шәааи" ҳәа ус ажәала мацара иауӡом

Чхамалиа ҳџьынџьуаа ААУ радыԥхьаларазы: "шәааи" ҳәа ус ажәала мацара иауӡом
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа ААУ аҟны ирзаԥҵоу алшарақәеи, аратәи абитуриентцәа Ҭырқәтәыла аҵаразы ирзаатуа амҩақәеи, ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, агазеҭ "Аԥсуа университет" аредактор хада Алхас Чхамалиа.
Ҭырқәтәылатәи аделегациа ахаҭарнакцәа Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны имҩаԥган хыԥхьаӡара рацәала аиԥыларақәа. Убарҭ иреиуан мышқәак раԥхьа ААУ аҟны еиҿкааз аилатәара.
"Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь иаар ҳҭахуп, аха "шәааи" ҳәа ус ажәала иаҳҳәо уамак алҵшәа аиуам. Убри аҟынтә, аҿар Аԥсныҟа радыԥхьаларазы зегьы ирхадароуп ААУ, избанзар, дара ирзаатуеит алшара бзиақәа рыԥсадгьыл ахь иаарцаз. Раԥхьаӡа акәны ҳџьынџьуаа ауниверситет аҿы аҵара рҵаразы иааит 1991 шықәсазы. Агәыԥ рацәаҩын. Аибашьра ашьҭахь ари аус еиԥҟьеит. ААУ аректор ибзоурала еиҿкаан арҵаҩцәа ауниверситет аҟынтә Ҭырқәтылаҟа рцара. Уа еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы имҩаԥган аиԥыларақәа астудентцәа арахь иааганы рҭаҵаразы. Уи иақәҿызҭаз рацәахеит. Иахьа ауниверситет алшарақәагьы иаҳа еиӷьхеит, иаартуп азеиԥштә нхарҭа, уи аҵакы амоуп ҳџьынџьуаа арахь рааразы. Иахьазы ААУ аҿы аҵара рҵоит 40-ҩык инарзынаԥшуа аҳәаанырцәынтәи иааз. Урҭ реиҳараҩык ҳџьынуаа рхаҭарнакцәа роуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Чхамалиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0