Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи аӡбарҭа аоппозициа амитинг иалахәыз даҽаӡәгьы дшыбаандаҩыц дааннажьит

© Sputnik / Томас ТхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг, анаҩс уи аҿагыларатә акциахь ииасит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аоппозициа амитинг иалахәыз Аслан Ҭаниа дшыбаандаҩыц дааннажьит жәабран 22 рҟынӡа ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аппарат анапхгаҩы Џьамал Гогьиа.
"Иацы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Мадина Ҷанԥҳа лхантәаҩрала имҩаԥысыз аилатәараан заанаҵтәи ашьаусԥшаара иаҟанаҵаз аҳәара инақәыршәаны Аслан Ҭаниа жәабран 22 рҟынӡа дшыбаандаҩыц дааныжьзарц рыӡбеит. Убасҟан ауп заанаҵатәи ашьаусԥшаарагьы анынҵәо", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Гогьиа иҳәеит уаанӡа ажьырныҳәа 11 рзы Ҭаниа иганахьала аӡбаҩ Ҷанԥҳа жәхәымш ҳәа дшаанылкылаз ашьаусԥшаара аган жәабран 2 рҟынӡа ҳәа аҳәара шыҟанаҵахьазгьы.
Иара иажәақәа рыла, ахьчара аган ари аӡбара иаҿагылеит, избанзар Ҭаниа II агәыԥ дахымхәоуп, иара иԥшәмагьы дхымхәоуп. Иара есымша дахьынхо аҩны имоуп, ауаа дрыҿцаауеит.
Человек в наручниках - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2022
Аԥсны
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Анрик Инаԥшьба иаанкыларазы аӡбамҭа амԥсахӡеит
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг, анаҩс уи аҿагыларатә акциахь ииасит.
Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәатәи апрокуратура ашьаус хацнаркит ԥхынҷкәын 21 рзы ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласрақәа реиҿкаареи рылахәхареи афакт азы.
Ажьырныҳәа 8 рзы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит урҭ аибарххарақәа ирылахәыз хәҩык ауаа.
Ажьырныҳәа 11 рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа ҩыџьа Баҭал Ҵәыџьбеи Аслан Ҭаниеи рганахьала азыӡбақәа аднакылеит. Баҭал Ҵәыџьба – мызки жәохәымши, жәабран 22 рҟынӡа ихақәиҭра далхәыдатәызарц иқәнаҵеит.
Ажьырныҳәа 19 Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшаратә коллегиа Баҭал Ҵәыџьба иганахьала азыӡба аԥсахит, иаргьы жәабран 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп.
Иара убас, хәажәкыра 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп Рамаз Џьопуа.
Мызкы, жәабран 8 рҟынӡа ихақәиҭра далхәдатәзаауеит Анрик Инаԥшьба.
Аӡбарҭа Баграт Сурмаа ажьырныҳәа 28 рҟынӡа дҭактәуп ҳәа азырыӡбеит. Ажьырныҳәа 19 рзы имҩаԥысуаз Ахашшааратә коллегиа реилатәараҿы аҳәынҭқарратә харадҵаҩ аӡбаҩ Роман Кәарҷиа аус ахәаԥшраҟынтәи иқәгаразы азҵаара шьҭырхит, аӡбаҩи Сармаа иани еижәлантәқәоуп ҳәа ҵаҵӷәыс ишьҭыхны. Аӡбаҩцәа анеилацәажәа ашьҭахь азыҳәа иақәшаҳаҭхеит, аилатәара ахыргеит.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа Баграт Сурмаа иаанкыларазы аӡбамҭа амԥсахӡеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0