Ҟазахсҭани, Киргизиеи, Узбекистани фымцалашарада иаанхеит

© Sputnik / Арам Нерсесян / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОпоры ЛЭП
Опоры ЛЭП - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2022
Анапаҵаҩра
Азиа агәаҿтәи атәылақәа руааԥсыра лашарада, ӡыда, ԥхаррада иаанхеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik. Ҟазахсҭан фымцалашарада иаанхеит атранзиттә цәаҳәа иақәу амчхара ахьеизҳаз иахҟьаны, абри атәы аҩуеит РИА Новости афымцатә ҳақәа рнапхгараҭара аоператор ипресс-маҵзураҟынтә.
Ацәаҳәақәа ирықәыз ахьанҭара шьҭыҵит асааҭ 11:59 рзы (8:59 москватәи аамҭала), уи иахҟьаны ақалақь дуқәа Алма-Аты, Шымкент, Тарас, Туркестантәи аобласти уи иаԥну арегионқәеи лашарада иаанхеит. Иара убас фымцалашарада иҟоуп Киргизиеи Узбекистани.
Ташкент иԥхасҭахаз афымцатә ҳа иахҟьаны Узбекистан ахәҭак лашарада иҟоуп. Атәылаҟны аус руам асветофорқәа, уи иахҟьаны амҩатә машәырқәа ҟалоит, алашара ацәара иахҟьаны аметро изҭымҵуа ауаа АҶА аусзуҩцәа рҭыгара иаҿуп.
Узбекистантәи ашьхашәаҩатә курорт Амирсое аҿы аканаттә мҩа аусура аанкылеит, аиқәырхаҩцәа ашәаҩаныҟәаҩцәа рылбаагара иаҿуп.
Афымца аҟамзаара аӡыҭгагатә станциақәеи, анхарҭа-коммуналтә усбарҭақәеи русура еиԥнарҟьеит.
Абри аҩыза аҭагылазаашьа аҭыԥ амоуп Киргизиагьы. Аҳҭнықалақь - Бишкек ԥхаррада, ӡыда, лашарада иҟоуп. Аҳаирбаӷәаза автономла алашара аиуеит, ахәшәтәырҭақәа "рцәаҳәа ҟаԥшьқәа" рҿы аҵәыҵәри ӡшьар ахархәара иалагеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0