Сҭампылтәи аҳаирбаӷәаза аусура аанкылоуп амшцәгьа иахҟьаны

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСамолеты авиакомпании Turkish Airlines в Международном аэропорту Стамбул - новый аэропорт в Стамбуле, самый крупный в Турции.
Самолеты авиакомпании Turkish Airlines в Международном аэропорту Стамбул - новый аэропорт в Стамбуле, самый крупный в Турции. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2022
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 26 00:00 сааҭ рҟынӡа аҳаирбаӷәаза аркызаауеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Сҭампылтәи аҳаирбаӷәазаҟны иазгәаҭаз ареисқәа зегьы аанкылоуп аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ателеканал A Haber ажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.
"Ихадоу ажәабжьқәа: Сҭампылтәи аҳаирбаӷәазаҟны ареисқәа зегьы аанкылоуп", - ҳәа аанацҳауан ателеканал.
Урыстәылатәи атуроператорцәа ирымоу адыррақәа рыла, иахьазы Сҭампыл рыԥсы ршьоит 12 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа, урҭ рахьынтә 1,5 нызқьҩык аҳаирбаӷәазаҟны ианыԥыруа ҳәа итәаны иԥшуп.
Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟны амшцәгьа иахҟьаны хыԥхьаӡара рацәала амашәырқәа ҟалеит. Аҳауагәаҭаҩцәа ргәырҽанырҵоит асоура ӷәӷәахоит ҳәа, мчыбжьык илеилоит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0