Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апартиа "Амцахара" жәҩык акандидатцәа Аԥсны Апарламент алхрақәа рахь иқәнаргылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в органы местного самоуправления 2021
Выборы в органы местного самоуправления 2021 - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аполитикатә партиа "Амцахара" жәҩык акандидатцәа Апарламент ахь адепутатразы иқәнаргылоит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит апартиа ахантәаҩы Лесик Цыгәба.

"Иацы аизара ду ҳаман. Араионқәа зегь рҟынтәи аделегациақәа алахәын. Ҳсиаҿы жәҩык акандидатцәа ануп, урҭ ықәҳаргылоит", - иҳәеит "Амцахара" ахантәаҩы.

Апартиа апресс-маҵзура адыррала, Апарламент адепутатрахь иқәыргылахоит: Галуст Трапизониан (Цандрыԥшьтәи алхратә ҭыԥ хада), Алиса Гәылариаԥҳа (Аацытәи алхратә ҭыԥ хада), Асҭамыр Герхьелиа (Аҟәа), Беслан Торчуа (Аҟәа), Гиви Хәырхәмал (Баслахәтәи алхратә ҭыԥ хада), Ҭенгьиз Какәбаа (Гәыԥтәи алхратә ҭыԥ хада), Алмас Акаба (Ҷлоутәи алхратә ҭыԥ хада), Беслан Емурхәба (Тҟәарчал), Беслан Аршба (Гал).
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. Апарламент ахь адепутатцәа ы қәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 21 инаркны жәабран 10 рҟынӡа. Ажьырныҳәа 25 рызтәи адыррақәа рыла, АКХ адепутатрахь акандидатцәа рықәыргаларазы агәыԥқәа 60 рҟынӡеи хә-партиаки ҭанаҩит.
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2022
Аԥсны
АКХ адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы агәыԥқәа 60 рҟынӡа хә-партиаки ҭанаҩит
Ажәабжьқәа зегьы
0