Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амшынеиқәафымцамч" ахыбра иеихсыз ахаҵа иус рыӡбеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2022
Анапаҵаҩра
Ахҭыс ҟалеит абҵара 25 2021 шықәса рзы Аҟәа.
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы аӡбаҩ Мараҭ Аҩӡба ихантәаҩрала имҩаԥысыз аилатәараан Алхас Хәарцкьиа ԥшьышықәсеи фымзи ахақәиҭра далхәдатәзарц иқәнаҵеит, иара убас аҳәынҭқарра 15 нызқь мааҭ ахараԥса азишәарц изаӡбеит, абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 67 инақәыршәаны, ари ахара аԥышәаратә аамҭа хышықәса ҳәа изыԥҵәаны ҭакрада ихигар илшоит.
Ашьаус адыррала, абҵара 25 2021 шықәса асааҭ 22:50 рзы Аҟәа "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра деихсит атапанча ТТ ала. Иара амилициа дааннакылеит. Ашьаусҭҵаара адыррақәа рыла, абџьар изакәанымкәа иман.
Аҟәатәи аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша ашьаус хацнаркит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 207 ахәҭа 1 (Амбжьахра), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (Абџьар, уи ахәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, иԥжәо амаҭәашьарқәа, арԥжәагатә хархәагақәа изакәанымкәа раахәареи, аӡәы иҭареи, рыҭиреи, рыҵәахреи, рыиагареи, рныҟәгареи)инарықәыршәаны. Хәарцкьиа аҩнтәи рбаандаҩра иқәҵан.
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2021
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" иеиқәкны ихысуаз иганахьала аӡбамҭа рыдыркылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0