Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Агрԥҳа аҭҵаарадырратә ҩаӡара аиуразы лусумҭа ахьчара атәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Агрԥҳа аҭҵаарадырратә ҩаӡара аиуразы лусумҭа ахьчара атәы
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩ Илона Агрԥҳа аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара аиуразы аусумҭа лыхьчеит. Уи зызку, иаанарԥшуа аамҭа, ахҭысқәа ртәы еиҭалҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Хҩык аҭоурыхҭҵааҩцәа ари амчыбжь азы аҭҵаарадырратә ҩаӡара аиуразы аусумҭақәа рыхьчеит, уажәшьҭа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ақәшаҳаҭхар, дара ирыхҵахоит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ. Аҭоурыхҭҵааҩы Илона Агрԥҳа лдиссертациа азкуп 1917-1921 шықәсқәа рызтәи Аԥсны аҭоурых, ҷыдала абарҭ ашықәсқәа рзы аԥсуа интеллигенциа руаажәларра-политикатә усура аҭҵаара.
"Адиссертациа атема ахаҭа иҿыцуп, избанзар иалкааны абри апериод азы аԥсуа интеллигенциа рыҭҵаара макьана аӡәгьы инапы азыимкыцт. Ари аамҭа знапы алакыз, аҭоурыхҭҵааҩ ԥхьагыла Гьаргь Ӡиӡариа иоуп, жәаҳәарада. Иара аԥсуа интеллигенциа ҭиҵааит, аха иалкааны ари апериод аҭҵаара аӡәгьы инапы алакымызт. Сара ари аамҭа алсхит, избанзар даара иуадаҩын Аԥсны мацара азы акәым, иара адунеи азгьы. Актәи Адунеизегьтәи еибашьра иахҟьаны иуадаҩын, насгьы Урыстәыла аимпериа ду хыбгалеит. Иҭысҵаар сҭахын убасҟак аимак-аиҿак зыҟаз иара ҳаԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа рыбжьарагьы, ргәы иҭаз, ишԥарбоз дара аԥсуа жәлар рҭыԥ адунеи аҟны", - лҳәеит Агрԥҳа.
Аицәажәара инарҭбаны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0