Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амшынеиқәафымцамч" аҿы ЕгрыГЕС аҭагылазаашьа ахҳәаа арҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Ингур ГЭС
Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2022
Анапаҵаҩра
Аенергетикцәа еиҭарҳәеит астанциа шаку Аԥсны мрагыларатәи араионқәа алашара рызҭо.
АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Афымцамч ахархәара акыр иахьацлази Џьуратәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ахьылаҟәуи роуп астанциа аусура ашәарҭара иҭазыргыло ҳәа рҳәеит АУН "Амшынеиқәафымуамч" апресс-маҵзураҿы.

Аенергетикцәа ирҳәеит ЕгрыГЕС аҟынтә аиԥш Аԥсны лашарала Урыстәылантәгьы ишеиқәыршәо. Уажәазы астанциа Аԥсны мрагыларатәи араионқәа роуп алашара знаҭо.

Убри аан иазгәаҭан, Аԥсны аиҳабыра ирылшо зегь шыҟарҵо алашараз аиԥҟьарақәа ҟамларц азы.
Жәабран 3 азтәи арбагақәа рыла Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 415, 50 метра иҟоуп, ишәарҭан ишьоуп– 425 метра ҳәа иҳәеит уаанӡа ГЕС адиректор хада Леван Мебониа.
Џьуартәи аӡеизакырҭа алшарақәа нҵәеит, аҭагылазаашьа аҽамԥсахыр ЕгрыГЕС иааиԥмырҟьаӡакәа аус зауам ҳәа азгәеиҭеит иара.
Плотина Ингур ГЭС - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2022
Аԥсны
Мебониа еиҭеиҳәеит ЕгрыГЕС аус шауа атәы
Ажәабжьқәа зегьы
0