Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ПЦР-тестқәа рымҩаԥгараз аԥҟара ҿыц иалацәажәеит

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСовременный инфекционный госпиталь в Волжском
Современный инфекционный госпиталь в Волжском - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2022
Анапаҵаҩра
ПЦР-тестқәа Аԥсны имҩаԥыргоит х-лабораториак рҿы – Гагра, Очамчыра, Аҟәа.
АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik. ПЦР-ачымазарашьақәыргылара хаз игоу атәылауаа категориақәак ирзыҟаҵахоит ҳәа лҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр иабжьгаҩ, АНА НИИЕПиТ аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы Алиса Матуаԥҳа.
Матуаԥҳа лажәақәа рыла, атест рзыҟаҵоит зцәа зтәым, ахәыҷы агәыԥҳәыхш изҭо, зықәра ыҟоу, ҩмш-хымш зшоура мтәаз ауаа. Егьырҭ атәылауаа зегьы експресс- ачымазарашьақәыргылара иахысуеит.
Рейд по соблюдению масочного режима в Новосибирском метрополитене - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2022
Омикрон-штамм еиҳа иуадаҩны изхызго ауаа рыӡбахә иалацәажәоуп
Аԥсны алабораториақәа аусура рылшоит, аусзуҩцәа реиҳараҩык шчмазҩцәоугьы. Рус еихыршоит ҳәа лҳәеит Матуаԥҳа.
Матуаԥҳа лажәақәа рыла асеиԥш шыҟалоз дырын, ачымазцәа реихшара аплангьы аус адуылан. Уи иалнаршоит аҭагылазаашьа аиааира.
“Мрагыларахьтәи аган ауаа рбиоматериал очамчыратәи алабораториаҿ иргоит, мраҭашәаратәи ахәҭа - Гагра, аҟәаа – аҟәатәи алабораториаҿ", – лҳәеит лара.
Матуаԥҳа ишылҳәо ала, аковид аҟазшьақәа зныԥшуа ауаҩы ичымазара лабораториала ишьақәырӷәӷәахом ахԥатәи амш азы иҵоурамзар, уи ахәбатәи-афбатәи амш азы атест еиҭеиҭароуп.
Лара илҳәеит ПЦР-тестқәа "омикрон" шаадырԥшуа, ианаамҭоу, ахԥатәи амш азы иаҭазар.
Ачымазара шьақәырӷәӷәахар ихы ԥхьеикроуп.
"Омикрон" аан жәамш иреиҵамзароуп ахыԥхьакраамҭа. COVID-19 дельта-штамм аан – 21 мшы.
Ачымазара ласны изхызгаз ачымазцәа жәамш рышьҭахь атест арымҭар ҟалоит.
Уральские ученые предложили препарат против коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2022
Роспотребнадзор аиҳабы аҳәамҭа ҟалҵеит омикрон-штамм арыԥҳақәа рԥырхагахара иаҟәыҵит ҳәа
Алиса Матуаԥҳа лажәақәа рыла, алаҵа змази уаанӡа ачымазара змази "омикрон" уадаҩрада ирхыргоит. Аха Аԥсны "омикрон" адагьы дельта-штамм ықәымҵӡац.
Ажәабжьқәа зегьы
0