Ҟрым Урыстәыла ишаду хымԥада ишазхаҵатәу дазааҭгылеит Ҭырқәтәылатәи аполитик

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРегионы России. Крым
Регионы России. Крым - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2022
Анапаҵаҩра
2014 шықәса хәажәкырамзазы Ҟрым Урыстәыла иарегионуп ҳәа рылаҳәан Киев амч ахыхра ашьҭахь имҩаԥгаз ареферендум иалҵшәаны.
АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Ҭырқәтәыла Ҟрым Урыстәыла ишаду азханаҵароуп ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит ҭырқәтәылатәи апартиа Vatan ("Родина") ахада Догу Перинчек.
"Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи русеицура ашьаҭа ӷәӷәа амоуп Амшын еиқәеи Адгьылбжьаха мшыни рҿы. Москва Аҩадатәи Кипр ареспублика азханаҵароуп, Анкара Ҟрым Урыстәыла иаҵакыроуп ҳәа азханаҵароуп", - ҳәа иҳәеит Перинчек.
2014 шықәса хәажәкырамзазы Ҟрым Урыстәыла иарегионуп ҳәа рылаҳәан Киев амч ахыхра ашьҭахь имҩаԥгаз ареферендум аҟны 96,77% ҟрымааи 95,6% севастопольааи рҭахра иалҵшәаны. Украина иахьагьы Ҟрым иара иаҵакыраны иахәаԥшуеит. Москва изныкымкәа иазгәанаҭахьеит аидылара адемократиатә мҩала, жәларбжьаратәи азини ООН Аԥҟаԥҵәеи ирықәыршәан ишымҩаԥысыз, Ҟрым азҵаара аркуп ҳәагьы иашьоит.
Города России. Ялта - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Путин: Украина амчра еиҭаркаанӡа Ҟрым Урыстәыла адҵара ҳгәы иҭамызт
Ажәабжьқәа зегьы
0